Гагра ашықәсҿыцазтәи аԥсшьаразы азҿлымҳара зыгхаз ақалақьқәа ирылаԥхьаӡахеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРесторан Гагрипш в Гагре
Ресторан Гагрипш в Гагре  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭҵаарақәа мҩаԥнагеит атуристцәа аԥсшьараан рынхаразы заанаҵтәи аҿаҵарақәа ахьыҟарҵо амаҵзура Tvil.ru 2020 шықәса ԥхынҷкәын 25 инаркны 2021 шықәса ажьырныҳәа 10 рҟынӡа аҿаҵарақәа рырбагақәа рыла.

АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аԥсуа курорт Гагра ажәабатәи аҭыԥ ааннакылеит ашықәсҿыцазтәи аԥсшьарамшқәа рыхгаразы азҿлымҳара зыгхаз ақалақьқәа рыбжьара ҳәа аанацҳауеит атуристцәа аԥсшьараан рынхаразы заанаҵтәи аҿаҵарақәа ахьыҟарҵо амаҵзура Tvil.ru.

Асиа ҟанаҵеит атуристцәа аԥсшьараан рынхаразы заанаҵтәи аҿаҵарақәа ахьыҟарҵо амаҵзура Tvil.ru 2020 шықәса ԥхынҷкәын 25 инаркны 2021 шықәса ажьырныҳәа 10 рҟынӡа аҿаҵарақәа рырбагақәа рыла.

  • Осташков — 9311 мааҭ / 4,5 ҵхи-мши*
  • Ильински — 6900 мааҭ / 2,5 ҵхи-мши
  • Евпаториа — 3204 мааҭ / 6,5 ҵхи-мши
  • Тула — 10910 мааҭ / хаха-хымш
  • Кимры — 14750 мааҭ / ҩаха-ҩымш
  • Москва — 4062 мааҭ / ԥшьаха-ԥшьымш
  • Анапа — 830 мааҭ / фаха-фымш
  • Истра — 8500 мааҭ / ҩаха-ҩымш
  • Токсово — 12000 мааҭ / уахыки-ҽнаки
  • Гагра — 1313 мааҭ / ааха-аамш.

* Уахыки-ҽнаки рзы анхаразы абжьаратә хәԥса / шаҟа уахи-ҽни бжьаратәла иаҿарҵо.

Tvil.ru астатистикала атуристцәа Ашықәс ҿыц азы 1-8 ухеи-мши ҿарҵоит, инырхуеит 830 мааҭ - 14,8 нызқь мааҭ. Убри аан зегь раасҭа аԥсшьара ахә мариоуп Анапа, ахәԥса дууп — Кимры.

Уаанӡа атуризм азы аминистр иҳәахьан Аԥсны ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы заанаҵтәи аҿаҵарақәа уамак ишыҟам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0