Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Ҳақан Папба: сыԥсадгьыл аҿоуп сыԥсы ахьҭоу, суаҩынаӡаны схы ахьызбо

© Foto / Сырма АшәбаҲақан Папба
Ҳақан Папба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳџьынџьуаҩ Ҳақан Папба иҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь ихынҳəреи игəҭахəыцрақəеи ирызку анҵамҭа ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҭырқəтəыла, Белеџьықь иаҵанакуа Сарынч ақыҭаҿы инхон забдуцəа рџьынџь ахь ихынҳəыз Ҳақан Папба иеиҳабацəа. Ҳақан иабшьҭра Ҭырқəтəыла даара зыхьӡ нагаз уаан. Дара усҟантəи аамҭазы Ҭырқəтəылатəи аҳəынҭқарра напхгара азҭоз Қьемал-Мысҭафа Аҭаҭиурк идгылаҩцəан, ихьӡ зху амедалқəагьы ранашьан, ражəа акрыԥхылнадон, иуаа нагақəан.

© Foto / Ҳақан Папба иархивҲақан Папба иабду Мураҭ Папба
Ҳақан Папба: сыԥсадгьыл аҿоуп сыԥсы ахьҭоу, суаҩынаӡаны схы ахьызбо - Sputnik Аҧсны
Ҳақан Папба иабду Мураҭ Папба

"Сара сабдуцəа Аԥсны Ҵабал иҭыҵқəаз иреиуоуп. Изларҳəо ала, Аԥснынтə усҟан Папбақəа Ҭырқəтəылаҟа ирыцыхҵəаз аԥсуаа рхыԥхьаӡара 500-ҩык инареиҳауп. Усҟан ақыҭа ахьӡ азҭазгьы ишьақəзыргылазгьы сара сабду иаб иоуп. Иара Сулеиман ихьӡын, 123 шықəса ниҵит, даара дшəарыцаҩ бзиан, зхымҭа камшəақəоз дреиуан", - ҳəа ажəабжьҳəара дналагеит Ҳақан Папба.

Ҳақан Папба ихаҭа диит Анкара ақалақь аҿы. Иаб Гази Папба иусура аганахьала иқыҭа ааныжьны уахь диасыр акəхеит. Ҳақан иан Арӡынԥҳауп, Леман лыхьӡуп, лыԥшəмеи лареи аҵарадырра ҳаракы змоу ахшара рацəа рааӡеит.

© Foto / Ҳақан Папба иархивҲақан Папба иаб Гази Папба
Ҳақан Папба: сыԥсадгьыл аҿоуп сыԥсы ахьҭоу, суаҩынаӡаны схы ахьызбо - Sputnik Аҧсны
Ҳақан Папба иаб Гази Папба

"Ҳара ҳҭаацəара дууп, фҩык аишьцəеи хҩык аиҳəшьцəеи ҳаҟоуп, хашьцəа руаӡəк дҳаԥхахьеит. Ҳани ҳаби аҵарақəа ҳдырҵеит, еиуеиԥшым азаанаҭқəа ҳнапы рылакуп, иҟоуп азиндырратə усбарҭаҿы аус зуа, аҳақьым изаанаҭ змоу, аекономика аус иаҿу уҳəа. Саҳəшьцəа руаӡəк Англиа дынхоит, уаҟа аҭаацəара далоуп, лыԥшəма дҟабардоуп. Саб иԥсҭазаара далҵхьеит, сан лыԥсы ҭоуп, лықəрагьы такəы инаскьахьеит", - дҳацəажəон ҳџьынџьуаҩ.

Ҳақан Папба занааҭла механик-нџьныруп, абар уажəшьҭа шықəсқəак инарзынаԥшуеит Очамчыра ақалақь арацəа аус ахьадыруло афирмаҿы аус иуеижьҭеи.

"Сара зныкгьы сгəы меиҭасӡац Аԥсныҟа сахьааз. Сыззыԥшыз ари ахҭыс ҟалеит 2013 шықəса рзы. Ҩыџьа арԥарцəа сымоуп, руаӡəк Аҟəатəи аҩбатəи ашкол далгахьеит, Аԥснытəи аҳəынҭқарратə университет жəларбжьаратəи аизыҟазаашьақəа рҿы аҵара иҵоит, аиҵбы макьана ашкол дҭоуп, аабатəи акласс аҿы аҵара иҵоит. Аолимпиадақəа рҿы изныкымкəа аԥхьахəқəа игахьеит сԥа еиҳабы, даара сгəы еизнарҳауеит уи", - ҳəа азгəеиҭоит Ҳақан Папба.

Ҳақан Папба иԥшəмаԥҳəыс Ҟрымтəуп, ҭаҭар ҭыԥҳауп, аԥсуара аҵасқəа бзиа ибаны издызкылаз ԥҳəызбоуп, ԥсыуа ҭацак ишлықəнаго еиԥш лхы мҩаԥылгоит. Лысасдкылара зеиԥшраз иаразнак избарҭахеит уи аҽны дара ахьынхоз Маҷара аҳабла санаҭаа, лхы-лҿы еихаччо лчеиџьыка лнапы иқəыргыланы данысԥыла.

© Foto / Ҳақан Папба иархивҲақан Папба иабдуи иашьцәеи: Мураҭ, Шьуаԥ, Еҭым Папаа
Ҳақан Папба: сыԥсадгьыл аҿоуп сыԥсы ахьҭоу, суаҩынаӡаны схы ахьызбо - Sputnik Аҧсны
Ҳақан Папба иабдуи иашьцәеи: Мураҭ, Шьуаԥ, Еҭым Папаа

"Сара шьала-дала сшаԥсыуаз еиҳагьы агəра згеит сыԥсадгьыл ахь санаа амш инаркны. Саб иан Фаҳриа лыхьӡын, Беиаԥҳан. Сан лан Кəыџԥҳан, Хьымараса лыхьӡын. Урҭ рхаан иҟаз аамҭа даҽа аамҭан, хааралеи бзиабаралеи еибаркын, ргəы-рыԥсы иахылҵуаз раԥсшəа агьама хазын, урҭ аамҭақəа цəгьа ихьаазгоит. Ихьаазгоит иара убас сгəы ишаҭаху еиԥш аԥсышəала сахьзымцəажəо, избанзар ақалақь ду аҿы исызҳауан, рацəак аԥсшəа ахьумаҳауаз", - иҳəеит Ҳақан Папба.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь зҭаацәа зманы ихынҳәыз Дани Агрба дынхоит Гәылрыԥшь араион Маҷара аҳаблаҿы. - Sputnik Аҧсны
Дани Агрба: аҭоурыхтә аамҭа ҳазҭанаргылаз рацәоуп, алҵшьа ҳақәшәароуп

Ҳџьынџьуаҩ Ҳақан Папба акыр дазгəыдуны иазгəеиҭеит ишьыжьшара Аԥсынтəыла иахьалаго, ихəларагьы убас. Адоуҳамч ду инаҭоит Ҵабал ашьхақəа дырҿаԥшуа дахьынхо.

"Сыԥсадгьыл аҿоуп сыԥсы ахьҭоу, суаҩынаӡаны схы ахьызбо. Сара сусура аганахьала атəым тəылақəа рҿы аус зухьеит, атəым милаҭ срыланхахьеит. Узбекисҭан 23 шықəса сыҟан, убас еиԥш Ҟазахсҭангьы. Ашьыжьтəи аҳауа араҟа даҽакуп. Хəыцрашəкы санеимарымкуа ыҟаӡам. Зны-зынла сыхшыҩ аҟны иааиуа асахьақəа лабҿабоушəа исыдыскылоит. Издыруада сандуцəа сабдуцəа абни аҭыԥ аҿы инхозҭгьы, издыруада урҭ рыҽқəа ирықəтəаны абнаҟа имҩасуазҭгьы, издыруада рмаҵураҭаҭыԥ абнаҟа иҟазҭгьы, рылҩаҵə уантəи иҩеиуазҭгьы, издыруада?.." - игəҭахəыцрақəа ҳацеиҩишон Ҳақан Папба.

Иара зегь раԥхьа иргыланы иҭахуп ихшара ԥсыуа ҵасла иааӡазарц, рхатəы бызшəа рдыруазарц, араҟа рышьаҭа еиздырҳарц. Убри аҟынтə иазиӡбеит наӡаӡа иԥсадгьыл ахь иҭаацəа иманы даарц, иагьыҟаиҵеит. Дынхоит Гəылрыԥшь араион Маҷара аҳаблан, ҳҳəынҭқарра ахарџь ала ҷыдала ҳџьынџьуаа рзы идыргылаз анхарҭаҩнқəа руак аҿы.

Маха Куджба - Sputnik Аҧсны
Маха Кəыџба: Аԥсны сара схьаауп, сгəыӷроуп, слахьынҵоуп

Ҳазҭагылоу аамҭазы Гəылрыԥшь араион аҿы иҟоуп ф-ҳаблак ҳџьынџьуаа хьынхо, иааидкыланы дара 360 ҭӡы ыҟоуп. Маҷара аҳаблан акəзар, иҟоу аҩнқəа инарҷыданы, даҽа хыҩнык рыргылара иаҿуп, 150-ҭӡы ҳџьынџьуаа ахьынхаша. Уажəазы Маҷара иҟоу анхарҭа ҩнқəа рҿы 55 ҭӡы ыҟоуп.

"Сашьцəеи сареи ҳаибадырит, аибабара ҳабжьоуп. Ҳабдуцəа ирыхҭысыз шьарда ыҟоуп, иаҳдыруа аасҭа иаҳзымдыруа еиҳауп. Аҭоурых дыртəуп, иҭҵаалатəуп, уи уаҵəтəи ҳара ҳԥеиԥш ауп", - ҳəа азгəеиҭеит Ҳақан Папба ҳаиҿцəажəараҟны.

Аҳəаанырцə инхо ҳџьынџьуаа рзы Ҳақан Папба ииҳəо акоуп - зегь раԥхьаӡа иргыланы ирымазароуп агəаԥхара, анаҩс ицəырҵуа азҵаарақəа рыӡбара еиҳа имариоуп. Аԥсныдгьыл знык зшьапы ықəзыргылаз, знык араҟа аӡы иаҿыхəаз наӡаӡа датəнатəуеит, уи ус шакəу агəра игоит ҳџьынџьуаҩ Ҳақан Папба.

Ажәабжьқәа зегьы
0