Шьамтәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, адәныҟатәи аусқәа рминистр Уалид Муаллем идунеи иԥсахит

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасра10-е заседание российско-сирийской комиссии
10-е заседание российско-сирийской комиссии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уалид Муаллем Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан 2006 шықәса раахыс.

АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Шьамтәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Уалид Муаллем иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура САНА адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Шьамтәылатәи Арабтә республика адырра ҟанаҵоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Уалид Муаллем иԥсҭазаара дшалҵыз азы", - ҳәа аҳәоит амаҵзура адырраҭараҿы.

Муаллем 79 шықәса ихыҵуан.

Уалид Муаллем Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан 2006 шықәса раахыс.

Уалид Муаллем – Шьамтәыла аҭоурых иазкыз ашәҟәқәа ԥшьба: "Палестина и вооруженный мир", "Сирия в период Мандата 1917—1948", "Сирия: от независимости до объединения 1948—1958", "Мир и Ближний Восток глазами американцев" дравторын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0