Есышықәсатәи афестиваль "Аԥсны" онлаин формат ала имҩаԥгахоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазский фестиваль "Апсны"
Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи аԥсуа диаспора еиҿыркааз афестиваль "Аԥсны" раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит Москва, цәыббра 30, 2018 шықәсазы.

АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik, Илана Амқәабԥҳа. Есышықәсатәи афестиваль "Аԥсны" Москва акультура-массатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара ахьыԥку инамаданы онлаин формат ала имҩаԥгахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит афестиваль аиҿкааҩ Даур Барганџьиа.

Участники абхазского фестиваля Апсны в парке Красная Пресня в Москве. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чыс, аԥсуа кино, кавказтәи акәашарақәа: афестиваль "Аԥсны" хыркәшоуп

"Традицак аҳасаб ала афестиваль "Аԥсны" аԥхын акәын ианымҩаԥаагоз, аха акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны акультура-массатә уснагӡатәқәа ԥкын, ҳаргьы аамҭа иақәшәо афестиваль онлаин имҩаԥаагарц иҳаӡбеит", - иҳәеит иара.

Барганџьиа иажәақәа рыла афестиваль мызкы аҩныҵҟа ицоит, мчыбжьык ахь знык YouTube аплатформаҿ иҭыҵуеит. Зынӡа ԥшь-дырраҭарак еиҿкаахоит. Онлаин фестиваль абара алшоит москватәи аԥсуа диаспора асаит www.abkhazmoscow.ru аҿгьы.

"Адырраҭарақәа рҿы ахәаԥшцәа идҳардыруеит ҳкультуреи ҳатрадициақәеи рҷыдарақәа, Аԥсны архитектура, аҟазара, ақьырсианра ирызку афильм, идҳарбоит аҭыԥ ԥшӡарра ҿыцқәа",- иҳәеит иара.

Афестиваль иалахәхоит еицырдыруа ауаа. Афестиваль амҩаԥгаҩцәа урҭ онлаин рыҽрымардалоит, еиуеиԥшым атемақәа рыла аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргалоит.

Иара убасгьы онлаин платформаҿ амузыкатә хәҭа ҟалоит: иқәгылоит аԥсуа шәаҳәаҩцәа, агәыԥ "Ашьхардац". Иазыԥхьагәаҭоуп адырраҭара "Смак" еиԥшу аӡыргара, аԥсуа ԥацха ахәыҟаҵаҩ ахәаԥшыҩцәа онлаин идирҵалоит аԥсуа чыс аҟаҵашьа.

Афестиваль "Аԥсны" еиҿкаан 2018 шықәса рзы, хықәкны иаман Москва ауааԥсыра аԥсуа рытрадициақәа дырдырра.

Ажәабжьқәа зегьы
0