Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кокосқьериа Бзыԥҭа еиҿкаау "Аԥсуа иашҭа" азы: асасцәа уамашәа ирбоит

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Дмитрий Кокоскерия
Дмитрий Кокоскерия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион Бзыԥҭа аҩхаа ажәеизатәи акилометр аҟны "Аԥсуа иашҭа" еиҿкааны измоу Дмитри Кокосқьериа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" еиҭеиҳәеит излауала аԥсуа инхара-инҵыра иаҵанакуа амаҭәарқәа зегьы рыла ишеиқәдыршәо.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кокосқьериа еиҭеиҳәеит Бзыԥҭа "Аԥсуа иашҭа" шеиҿыркааз атәы

"Аԥсыуак имбацт ҳәа сыҟам аԥсуа шҭа иаҵанакуа. Иааидкыланы ҳкультура, анхара иаҵанакуа зегьы излауала еидаҳкылеит. Иҟоуп ҳамҭас иҳазҭаз, ҳамацара еидаҳкылаз, иҟаҳҵаз. Ишаҳҭахцәҟьоу зегьы ҳзеидымкылацт макьана. Асасцәа иааиуа уамашәа ирбоит. Убасгьы хԥаҟа метра иҟоу аԥсуа иашҭа аминиатиура ҳамоуп, Блабырхәа ақыҭа инхо иаҳзыҟаиҵеит, инапкымҭа бзиоуп. Ааигәа алу ҳаԥшааит, уи аԥхьа Лыхнашҭа актәи аҭыԥ аанызкылахьаз ауардын Ӡаԥшьбак ҳамҭас иҳаиҭеит. Иҟоуп ҳхала анышәаԥшь иалхны иҟаҳҵаз аҳаԥшьақәа, 80 шықәса зхыҵуа аиаҳәа ҳамоуп. Убасгьы аџьаз иалху ауаҭкаршыгақәа ҳамоуп. Макьана ажәҩан аҵаҟа иҟоу амузеи ҳәа ҳзыҳәаӡом. Хышықәса роуп иҵуа аус адаҳулоижьҭеи", - иҳәеит Кокосқьериа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0