COVID-19 Аԥсны: иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла ԥсҭбараки 34 коронавирус хҭыс ҿыци

© Sputnik / Павел Кононов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория для тестирования на коронавирус в Архангельской области
Лаборатория для тестирования на коронавирус в Архангельской области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5312-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3611-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 68-ҩык.

АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 118-ҩык акоронавирус рылоу ирыламу гәаҭан, урҭ рахьтә 34-ҩык COVID-19 рцәа ишалаз аарԥшын ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ԥсҭбарак ҟалеит.

Абҵара 19 рзы иԥсҭазаара далҵит 1944 шықәсазы ииз апациент. Иара акоронавирустә инфекциеи иуадаҩны имҩасуаз ахәышәтәырҭанҭыҵтәи ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи иманы ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, идунеи иԥсахит иԥсыԥдагаҩагареи игәеисреи рыԥсыҽхара иахҟьаны.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 80-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 74-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 17-ҩык, ибжьаратәуп - 19-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 29-ҩык апациентцәа, хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 38-ҩык апациентцәа. 33-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Ажәабжьқәа зегьы
0