РУСДРАМ ахы аланархәуеит Санкт-Петербургтәи афестиваль

© SputnikПредпремьерный показ спектакля "Электра"
Предпремьерный показ спектакля Электра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи акинорежиссиор, атеатртә премиа "Ахьтәы сабрада" занашьоу Артиом Устинов иқәыргыламҭа аспектакль "Электра" дырбахоит Санкт-Петербург, Брианцев ихьӡ зху ақәыԥшцәа ртеатр асценаҿы ԥхынҷкәын 5 асааҭ 19:00 рзы.

АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр алахәхоит Санкт-Петербург имҩаԥысуа жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль "Радуга" ҳәа Facebook аҿтәи идаҟьаҿы иҩуеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

"Лассы амҩа ҳақәлараны ҳаҟоуп, Санкт-Петербург имҩаԥысуа жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль "Радуга" ҳалахәхаразы. Ҳара уахь иаагоит аспектакль "Электра", Артиом Устинов иқәыргыламҭа. Аспектакль "Электра" дырбахоит Санкт-Петербург, Брианцев ихьӡ зху ақәыԥшцәа ртеатр асценаҿы ԥхынҷкәын 5 асааҭ 19:00 рзы", - иҳәеит иара.

Хынҭәба иазгәеиҭеит ахарџьқәа зегьы афестиваль аиҿкааҩцәа рхахьы ишыргаз.

Хынҭәба иҳәеит афестиваль "Радуга" шхацыркыз 2000-шықәса рзы.

антикатәи адрама Електра - Sputnik Аҧсны
Ахаҵамԥҳәысреи ашьоуреи: антикатәи адрамеи иахьатәи ҳаԥсҭазаареи "Електра" аҿы

"2016 шықәса рзы апроект ианашьан акультура аусхк аҟны Урыстәыла Аиҳабыра раԥхьахә. Афестиваль аконцепциа – аҿар рзы ҳаамҭазтәи адраматургиа, иҿыцу атеатртә формақәа, актуалтә режиссура", – иҳәеит иара.

Аспектакль "Электра" аԥхьарбара мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы жьҭаара 30 2019 шықәса рзы. Иара ықәиргылеит арежиссиор қәыԥш Артиом Устинов.

Аспектакль иалахәуп фҩык актиорцәа: Мадлена Барцыцԥҳа, Милана Ломиаԥҳа, Осман Абыхәба, Саид Лазба, Наталиа Папасқьырԥҳа, Лоида Ҭырқьԥҳа.

Аԥсны акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны абҵара 24 рҟынӡа атәыла атеатрқәа аркуп. Аха РУСДРАМ атәыла анҭыҵ аусурақәа мҩаԥнагоит.

Убас, РУСДРАМ Липецк афестиваль ианалахәыз иреиӷьу актиортә еилазаара ҳәа иалкаан.

Абҵара 11 рзы Велики Новгород аҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль ахь инанагеит Достоевски ирҿиамҭа "Ахәмарыҩ".

Апроект "Большие гастроли" аҳәаақәа ирҭагӡаны Искандер ихьӡ зху атеатр абҵара 12, 13 рзы А.С.Грибоедов ихьӡ зху Смоленсктәи аҳәынҭқарратә академиатә театр аҿы иқәгылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0