АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Акомпиутертә томограф Гәдоуҭатәи COVID-центр аҿы аусура еиҭалагеит, москватәи аҟазауаа аремонт ҟарҵеит ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Акомпиутортә томограф аусура иаҟәыҵит жьҭаара 9 рзы. Хымш ааҵуаны арахь иааит Москватәи аҟазацәа адиагностика амҩаԥгараз.
Агәабзиарахьчара аминистрра хәшәылеи медицинатә хархәагалеи аиқәыршәараз аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба иазгәеиҭеит иахьазы атомограф еиқәшәаны ишыҟоу.
"Апациентцәа ргәаҭара ҳалагахьеит. Уажәазы зегь бзиоуп", - иҳәеит Аџьба.
Аремонт ҟазҵоз анџьнырцәа аҽа хымш иаанхоит атомограф аусушьа ашьклаԥшразы.
Акомпиутертә томограф аус ахьынӡамуаз апациентцәа ргәаҭара мҩаԥыргон арентген аппарат ала, абас Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба. Убри аан иҳәеит аамҭа-аамҭалатәи афымцарцәара акыр ишаԥырхаго.
"Зтехнологиа ҳараку амыругақәа акыр ирԥырхагоуп ари аҩыза аҭагылазаашьа. Арахь иаҵанакуеит аҳауаҭарсгатә аппарат, арентген, атомограф", - иҳәеит Шамба.
Гагратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Аргәын иажәақәа рыла Гагра иҟоу атомограф макьана аус ауам. Уигьы зтәу хатәнаплакыҩцәоуп.
Апациентцәа араҟагьы агәаҭара иахрыжьуиет арентген аҿы, аха уи аҩаӡара лаҟәуп, иҳәоит иара.
"Акомпиутертә томограф акыр еиӷьуп. Иеилыкка иунарбоит арыԥҳақәа рҭагылазаашьа", - иҳәеит Аргәын.
Иара убасгьы иҳәеит амчыбжь нҵәаанӡа ахәышәтәырҭаҿы аҽа ҟәшакгьы аадыртраны ишыҟоу CОVID-19 змоу рзы.
Араҟа афымцалашараз уадаҩра ыҟаӡам, адизельтә генератор рызгылоуп азы. Араион ахадара былтәыла еиқәдыршәоит.
Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы иҟоу акомпиутортә томограф еиԥҟьарада аус ауеит. Араҟагьы адизельтә генератор ықәгылоуп, уадаҩра ыҟаӡам.