Аԥсны Апрокуратура хада ацәгьоура дуқәа рганахь ала аусурақәа шцо атәы еиҭарҳәеит

© SputnikГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса аҩныҵҟала ашәҟәы иҭагалоуп 620 цәгьоура, 2019 шықәса иара абри аамҭазы ашәҟәы иҭагалан 610 цәгьоура.

АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада арадио Sputnik иазеиҭарҳәеит ацәгьоура дуқәа ҳәа изышьҭо рганахь ала аусҭҵаарақәа шымҩаԥысуа атәы.

"2019, 2020 шықәсқәа рзы Апрокуратура хада анапы злаку ацәгьоура хьанҭақәа ирыҵаркуеит Мерцхулаа, мшаԥы 17 2019 шықәса рзы Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан иӷьычра, нас иоушьҭразы 50 миллион аԥара аҳәара", - лҳәеит апресс-маҵзура амаӡаныҟәгаҩ Рада Сангәлиаԥҳа.

Сотрудник ДПС - Sputnik Аҧсны
Жәеиза шьаҿа: Аԥсны ААР амҩақәа рҿы аԥсҭбарақәа рхыԥхьаӡара шдырмаҷуа

Хара имгакәа аус аӡбарҭахь инашьҭхоит ҳәа лҳәеит лара.

Апрокуратура хада аусура мҩаԥнагоит Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз хҩык ауааԥсыра рышьрагьы.

Иара убасгьы аусҭҵаара цоит "Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи адиректор Беслан Аҩӡба иумҭақәа рганахь алагьы.

"Аусҭҵааратә органқәа аӡбараԥхьатә ҭҵаарақәа мҩаԥыргоит, Урыстәылатәи Афедерациа акомпетенттә органқәа рҿгьы. Урҭ реизакра ашьҭахь имҩаԥгахоит апроцессуалтә усурақәа", - лҳәеит Сангәлиаԥҳа.

Лара ишылҳәо ала иааизакны уахәаԥшуазар ареспубликаҿы акриминогентә ҭагылазаашьа цәгьам. Уи азы лара иаалгеит аиҿырԥшрақәа.

"Сынтәа ашәҟәы иҭагалоуп ауаҩшьрақәеи ауаҩшьразы аҽазышәарақәеи жәаба(7 умҭак рыла еиҵоуп), жәеиза қәылара (4 умҭак рыла еиҵоуп), 15 рҳәра (4 умҭак рыла еиҵоуп), 142 ӷьычра (11 умҭа рыла еиҳауп)", - лҳәеит лара.

2020 шықәса аҩныҵҟала ашәҟәы иҭагалоуп 620 цәгьоура, 2019 шықәса иара абри аамҭазы ашәҟәы иҭагалан 610 цәгьоура.

Абҵара 19 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусутә гәыԥ аԥиҵеит азинхьчаратә усбарҭақәа русура еиҳа хра аманы аҟазааразы.

Абҵара 23 рзы Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа русура иазку аилацәажәара мҩаԥигеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы и.н. Роберт Киут, Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа алархәны.

Аилацәажәараҿы ирзааҭгылан акриминогентә ҭагылазаашьа, азинхьчаратә усбарҭақәа русура аиӷьтәра азҵаарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0