COVID-19 Аԥсны: 116-ҩык аҿкы рыдырбалеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование россиян на наличие антител к COVID-19
Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 386-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 116-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, абҵара 25- Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы аԥсҭбарақәа хԥа ҟалеит абҵара 24 рзы, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иԥсҭазаара далҵит 57 шықәса ирҭагылаз ахаҵа. Изымҩаԥыргоз атерапиа иахьмырԥшкәа, апациент иԥсҭазаара далҵит игәеисра аԥсыҽхара иахҟьаны.

Гәдоуҭтәи ахәышәтәырҭа аҟны лыԥсҭазаара далҵит 1943 шықәсазы ииз апациент. Аԥҳәыс ахәышәтәырҭа дҭашәеит акоронавирустә инфекциа лцәа иаланы абҵара 11 рзы. Иақәнагаз атерапиа шылзмҩаԥыргозгьы, лыдунеи лыԥсахит абҵара 23 ауха.

Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҟны иԥсҭазаара далҵит 1961 шықәсазы ииз апациент. Ахаҵа ахәышәтәырҭа дҭашәеит акоронавирустә инфекциа ицәа иаланы, иҭагылазаашьа акыр иӷәӷәаны абҵара 13 рзы. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, идунеи иԥсахит абҵара 23 рзы.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 67-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 56-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 23-ҩык, ибжьаратәуп - 30-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 30-ҩык апациентцәа, пациентк иҭагылазаашьа уадаҩуп.

Амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 31-ҩык апациентцәа. 27-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5558-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3630-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 73-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0