Аԥсны аҳәынҭқарра ашьақәырӷәӷәаразы: азакәан хада Аконституциа адкылара

© Sputnik / Томас ТхайцукКонституция РА
Конституция РА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 26, 1994 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара иаднакылеит ихадоу азакәан - Аԥсны Аконституциа. Сынтәа ҳҳәынҭқарразы ихадоу адокумент иахыҵит 26 шықәса.

АҞӘА, абҵара 26- Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа адкылара ашьаҿа даара акраҵанакуан аԥсуа жәлар зегьы рзыҳәан. Аамҭа мариамызт, имҩаԥысуаз аԥсуа-ақырҭуа еиҿыхарақәа еиҳагьы уи иақәыӷәӷәон, иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Роланд Арџьениа.

Гиви Габния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Габниа Аԥсны Аконституциа азы: аԥсахрақәа аларымгалаларц залшом

"Еиуеиҧшым аамҭақәа рзыҳәан иҳақәыӷәӷәоз амчқәа шыҟазгьы, зегьы акоуп аҧсуа жәлар еснагь иазықәҧон ҳзыхьчоз ҳхатәы Аконституциа ашьақәырӷәӷәара. 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны иӡбан 1978 шықәсазтәи Аконституциа ааныжьны, 1925 шықәсазтәи Аконституциа ахь ахынҳәра. Иазгәаҭатәуп, уи аидеиа Владислав Арӡынба иабжьызгаз Ҭамара Шьаҟрыл шлакәыз. Уи иалнаршеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра" ҳәа ахьыӡ аиура, агерби абираҟи рышьақәырӷәӷәара", - ҳәа азгәеиҭоит Роланд Арџьениа.

Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылеит Аҧсны Ареспублика Аконституциа ҿыц. Уаҟа иаҳәоит Аҧсны ихьыҧшым демократиатә ҳәынҭқарроуп, адунеижәларбжьаратәи зинтә ҳәынҭкарроуп ҳәа. Адкылара иаҿагылаз амчқәа рацәан. Уи ззыҟарҵозгьы Қырҭтәыла ҳадыҧхаларазы акәын, аха уи залмыршахеит, ҳәа азгәеиҭеит Арџьениа.

"Ицәгьан аибашьра ашьҭахьтәи Аҧсны Аконституциа ҿыц адкылара. Усҟан Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба иҩызцәеи иареи рнапхгарала ирыдыркылеит иахьа уажәраанӡа ҳҳәынҭқарра азакәан хада-ҳ-Конституциа", - иҳәеит иара.

Аԥсны Аконституциа рыдыркылеит Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараан абҵара 26, 1994 шықәсазы. Жьҭаара 3, 1999 шықәсазы иара жәларызегьтәи абжьыҭирала иазыразхеит.

1999 шықәсазы иаԥыхын аӡбаҩцәа рымԥсахра апринцип, уи аахижьҭеи аӡбаҩцәа алырхуа иалауеит ҿҳәарас хәышықәса рыҭаны.

2014 шықәсазы иаԥҵан Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа, иара убас ишьақәырӷәӷәан ауаҩи атәылауаҩи изинқәеи ихақәиҭрақәеи аԥызхуа ма иԥызкуа, Аԥсны ахьыԥшымреи ма аҵакыратә акзаареи ирԥырхагоу, ажәлар рымчра, амчрақәа реихшара апринцип иаҿагылоу, адгьыли ма егьырҭ аԥсабаратә хыҵхырҭақәеи рзы ахатәтәра аҳәынҭқарратә форма зыԥсахуа, иара убасгьы аҳәынҭқарратә бызшәа астатус еиҭазкуа  аиҭакрақәа ралагалара шыҟамло азы ақәҵара шьақәырӷәӷәоуп.

Аԥсны Аконституциа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аконституциа 26 шықәса ахыҵит

Жәабранмза 2016 шықәсазы амчра аиуит Аԥсны Аконституциа аиҭакрақәа алазгало Ахшараиура аԥыргара иақәиҭмызтәуа "Ан лгәабзиареи имиц ахәыҷи рыԥсҭазаарақәа рҳәынҭқарратә хьчаразы" азакәан апроект. Уи ԥхынҷкәын 18, 2015 шықәсазы Аԥсны Апарламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит.

Аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи рсистема ареформа азура ирзырхоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциахь аиҭакрақәа аус рыдулара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аконституциа ареформазы Акомиссиа аԥҵаразы аусԥҟа.

Акомиссиа анапхгаҩыс дҟалоит Наҭелла Акаԥҳа - Аԥсны Аҳәса рассоциациа анапхгара ахантәаҩы.

Акомиссиа аилазаара иалалеит: Асҭамыр Аппба, Саида Быҭәԥҳа, Витали Габниа, Гиви Габниа, Саид Гьезердаа, Кама Џьынџьал, Арда Иналиԥа, Ҭамаз Қьецба, Олег Папасқьыр, Диана Ԥлиаԥҳа, Сергеи Смыр, Баҭал Табаӷәуа, Алхас Тхагушев, Асҭамыр Ҭаниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0