Аҭаацәаратә-бзазаратә қьабзқәа: амаҳә инашьҭра иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазская свадьба
Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачара аҵас иадҳәалоу ақьабзқәа рҟынтә- амаҳә идҳәалоу аҵасқәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Аҭаацәаратә институт аиҭакрақәа анубаалозаргьы уи гәыцәс иамоу, ишьақәзыргыло ақьабзқәа ыӡхьеит ҳәа узҳәом. Аҭаацәараҿы ихадароу аҭыԥ ааникылоит ахаҵа – аҩны аиҳабы иаҳасабала.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ачара аҵас иадҳәалоу ақьабзқәа рҟны аҭаца аҩны лыҩнагара, уи иашьҭанеиуа аритуалқәа, ахымҩаԥгашьатә кодексқәа уҳәа аҭыԥ ду ааныркыло ишыҟоу еиԥш, амаҳә идҳәалоу аҵасқәагьы маҷым. Амаҳәгьы убасҵәҟьа иара ианхәеи иабхәеи рҿы лассаамҭа дцәырҵӡом, рыхьӡ иҳәаӡом. Даараӡа имаҷуп, аха иуԥылоит амаҳә иабхәараа рҿы данынхо – ахатәара ҳәа ззырҳәо.

Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Знык иахыԥаз шәынтә иахыԥоит: ахаҵацара аҿҳәара ахыгара зҵасым

Иазгәаҭатәуп аԥсуаа рҟны "ахатәара" ԥхашьараны ишыҟоу, шамахамзар уи ахаҵа иаҳаҭыр, истатус ланарҟәуеит ҳәа ирҭахӡам. Иара ажәа "ахатәара" ахаҭагьы иаанарԥшуеит ахаҵа иҭыԥ алаҟәра аҭаацәараҿы. Аха ус еиԥш аныҟало ыҟоуп, иаҳҳәап, аӡӷаб лҭаацәараҿы аҷкәын даныҟам, аҩны ашә амкырц ҳәа ианыҟарҵо. Аиҳаракгьы араҟа аԥыжәара амоуп аматериалтә ган – аҭаца лҭаацәа рмал лара лахь ианиасуа. Егьа ус акәзаргьы, "ахатәара" иахьагьы ибзианы иазыҟам, ақәыӡбара ацуп.

Маҳәрацара аофициалтә ҟазшьа аҭаны имҩаԥысуеит. Амаҳә иабхәара рыҩныҟа днеиуа-дааиуа даналаго данынарышьҭлак ашьҭахь ауп. Абжьааԥны уи мҩаԥыргоит аҷкәын иҩны ачара анырулак ашьҭахь шықәсык, ма ҩба-хԥа шықәса анҵлак, иҟоу иаҳа заа имҩаԥызгогьы. Араҟагьы анырра анаҭоит аматериалтә ган, уи аҽазыҟаҵара шаҭаху ала, аха иаҳҳәозар, ачара (аҷкәын иҩнаҭаҿы) лассы аура иазҿлымҳазар, амаҳә инашьҭра уеизгьы-уеизгьы иахыццакуам. Уи иаанагаӡом аҭаца ари аамҭа иалагӡаны лҭаацәа лбаӡом ҳәа. Уи лабраахь аангылара дцалар ҟалоит, лҭаацәа лбоит. Амала иҳәатәуп, аетнографиатә нҵамҭақәа рҟны ишарбоу ала, лымкаалагьы Шьалуа Инал-иԥа иусумҭаҿы иҩуеит, жәытәла маҳәрацара ачара руаанӡа имҩаԥыргон ҳәа.

XIX – XX ашәышықәсақәа рзы абхәараахь ианнеиуаз ҳамҭас инаргақәоз иреиуан: абхәа изы аҽы, ма ацә, аншьа изы абџьар, ани андуи рзы ашәҵатәқәа. Ҳаамҭазы урҭ рыԥсахит даҽа маҭәарқәаки аԥаратә ҳамҭақәеи рыла. Иара убас, уаанӡа еиԥш, амаҳә ицны инеиуа ачеиџьыка рнапы иқәыргылан инаргоит. Иахьазы уи дырԥшӡоит зеиуахк уҭаху арԥшӡагақәа рыла, аиҳарак ачыс хаақәа ҟарҵоит, зны-зынлагьы имыцхәуп ҳәа азуҳәаратәы иҟоуп. Амаҳә инаԥхьарагьы чарак еиԥш еиҵых изуа дубап.

Абхәараахь даннеиуа амаҳә иҩызцәа дрылагыланы зегь рышьҭахь ауп даныҩнало. Иара аиҳабацәеи асацәеи ахьтәоу акәымкәа, хазы аишәа изырхианы ддыртәоит аҿарацәа идыртәаланы. Араҟагьы ачараҟны еиԥш асасцәеи аԥшәмацәеи апатуеиқәҵара аарԥшы иахәҭоу аныҳәаҿақәа еимырдоит. Аишәачара аныхдыркәшо амаҳәи уи ицыз аиҳабацәеи рзынгьы аҳамҭақәа ҟарҵоит. Зны-зынла ас еиԥш анаԥхьарақәа реиҵымхразы ачара аныруа анхәеи абхәеи аннаргогьы ыҟоуп. Аха шамахамзар анхәеи абхәеи рыԥҳа лчараҿы инеиуам.

Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны
Аҭамадара амҩаԥгашьа ачараҿы: ҳаамҭазтәи аԥсахрақәеи уи ахҟьаԥҟьақәеи

Амаҳә иабхәараа рҿы ицәырымҵра, рыхьӡ амҳәара аҭаца ланхәеи лабхәеи рыхьӡ шылшьо еиԥш аиҳабацәа аҳаҭыр рықәҵара аанарԥшуеит. Амаҳә аԥаратә ҳамҭақәа иманы абхәараахь ицара акәзар, ажәытәан аҭыԥ змаз аӡӷаб лгаразы лыхә ашәара – ачма ҳәа иҟаз ахыҵхырҭахь ухьанарԥшуеит. Иахьагьы аҷкәын ԥҳәыс дааигарц азы лыхә ылихыроуп уҳәар ауеит. Ари аматериалтә ган азҵаара иахырҟьаны ажәытәан еиԥш иахьагьы аҭаацәара алалара зцәыуадаҩу маҷым. Уи иахҟьаԥҟьангьы атәым милаҭ аҳәса аарго иалагеит аԥсуа дугар аныхтә рацәаны иуоуеит ҳәа.

Хымԥада арҭ ақьабзқәа рматериалтә ган ырмариатәуп, инахырҟьаны аҟаҵарала иахьатәи ҳаамҭазы аӡәгьы дузџьашьом. Еиҳа еиӷьуп "аицлабра" аанкыланы доусы "ихыза заҟароу гәаҭаны ишьапы еиҵыихлар".

Ажәабжьқәа зегьы
0