Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ақыҭанхамҩа ԥасатәи аминистр еиҭеиҳәеит сынтәа иџьықәреи аҽаҩра зеиԥшроу атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Тарба
Даур Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ԥасатәи ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа иџьықәреи аҽаҩра зеиԥшроу, ақыҭеи ақалақьи реимадара аҵакы атәы далацәажәеит.
Ҭарба: ақыҭаҟны аџьабаа бзабаахоит

"Ақыҭаҟны сыҩнра касыжьуамызт, есымчыбжьа аԥсшьарамшқәа раан саауан, уажәшьҭа ҩышықәса ҵуеит хықәкыла еиԥҟьарада ақыҭаҟны сынхоижьҭеи. Ҳәарада, ақыҭаҟны анхара ауадаҩрақәа ацуп, аха абарақьаҭрагьы рацәаны иацуп, агәыбылра, аԥсуа иқьабз, иламыс-ипату, иҵасқәа зегьы ақыҭа иамадоуп. Ари ачымазара ҿкы ицәырҵыз агәаҟра ацуп. Иахьа ҳазҭагылоу аамҭазы аԥсуа дахьыҟазаалак, ӡыӡбахә сҳәо еиҳарак ақалақь аҟны инхо, зегьы ақыҭеи ҳареи ҳаимадоуп. Абри ҳқыҭақәа каҳмыжьроуп, ауаҩы дныҟәаргоит. Афатә-ажәтә аганахьала ашәарҭадара алыршаразы абарақьаҭра ҳамоуп, хәыҷык џьабаа ҳбар, ҳқыҭақәа ҳныҟәаргартә аҭагылазаашьа ыҟоуп. Иахьа адунеи аҿы иҟоу аиҿагыларақәа гәаҭаны, акы аахәаны афара шәарҭахо иалагеит. Ахәыҷқәа ҳааӡоит, убарҭ аԥсабараҟны ииашаны иаарыху афатә-ажәтә рыдаҳгалартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамоуп аԥсуаа, избанзар зегьы ақыҭа ҳадҳәалоуп. Аамҭак ыҟан ҳқыҭа ааныжьны ақалақь ахь ҳанеихаз, аха ауадаҟны уҩнатәаны ухы узныҟәгом», -иҳәеит Ҭарба.

Иара иазгәеиҭеит сынтәа еиԥш аџьықәреи аҽаҩра бзиа шимоуц, 250 калаҭ ица иҭеиԥсеит.

"Ауаа рахь схы нарханы исҳәоит игәаҟуа аӡәыр дыҟазар, аџьықәреи иаасрыхыз ала ацхыраара рысҭоит. Сҩызцәа, издыруа рахь ҟәыдк, ԥшык сышьҭуеит. Ашықәс ҿыц азы сан лыԥсы анҭаз ашәишәиқәа, акәытқәа сҩызцәа зегь рахь илҭиуан. Убри аҵас саргьы икасыжьуам ҳәа саҿуп сҩызцәа, сыуацәа ансзааиуа", - иҳәеит Ҭарба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0