Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қапба: ауаҩы ихәыцреи игәабзиареи еидҳәалоуп

© Foto / предоставил Заабе Капба Заабе Капба
Заабе Капба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зыбла иамбо реиҿкаара ахантәаҩы Заабеи Қапба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аиҿкаара шаҟаҩы еиднакыло, ацхырааразы рылшарақәа зеиԥшроу.
Хра злоу ахҭысқәа: Қапба зыбла иамбо ирызкны

Махашьахала зылшарақәа ԥку рымш адунеи аҟны иазгәарҭоит ԥхынҷкәын 3 рзы. Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара еиҿкаара адыррақәа рыла миллиардк инацны ауаа еиуеиԥшым ахымхәара аформақәа рымоуп, ари адунеи аҟны иқәынхо рҟынтәи 15% процент ауаа роуп. Урҭ рхыԥхьаӡара аҟынтәи 100 миллионҩык инареиҳаны ахымхәацәа ахәыҷқәа роуп.

Пресс-конференция ко Дню борьбы за права инвалидов - Sputnik Аҧсны
Алхас Ҭҳагәышь: Аԥсны иҟоу ахамыхәацәа ирзымхо рацәоуп

Аминақәа рыԥжәара иахҟьаны Заабеи Қапба игәабзиара ааха аиуит, илақәа 1994 шықәса раахыс зынӡа ирбаӡом.

"…аҭагылазаашьа шьҭа ишыҟоу саццоит, амала аԥхьа зынӡа иуадаҩын. Ауаҩы ихы имч анақәымхалак, иарбан усзаалакгьы даргәамҵуеит 100 процентк игәы бзиазаргьы. Исҭахы- исҭахым сархәыцуеит абас адәы сабанӡақәзаауа ҳәа, аҩны схала снаиааиуеит, иахьысҭаху аҭел сасуеит. Зыла иамбо рзы адомино сымоуп, уи избо ауаҩы сидтәаланы сасуеит, саныриааиуагьы ыҟоуп. Акомпиутер аҵара сыдыргалан, убригьы сахысит. Ачымазара аҽаҭара ҟалом, ауаҩы дазхәыцуа далагар, ахьаа змамгьы ачымазара изцәырнагоит. Ауаҩы ицәеижь аҟны иҟоуп аинформациа ибзиоугьы ицәгьоугьы иазыӡырҩуа",- иҳәеит Заабеи Қапба.

Қапба иажәақәа рыла, зыбла иамбо рхеидкылаҟны 49 асиа иануп, иара ус Аԥсны иахьаҵанакуа 518 ҩык рсиа шьақәиргылахьан. Қапба еиҭеиҳәеит ҳаамҭазы реиҿкаара алшара маҷқәа ирыҵанакуа атәы.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0