Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар рартистка Алиса Гыцԥҳа лиубилеи лыдиныҳәалеит

© Foto / предоставила Алиса ГицбаАлиса Гицба
Алиса Гицба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аоператә шәаҳәаҩы, Москватәи амузыкатә театр "Геликон-опера" асолистка Алиса Гыцԥҳа диит ԥхынҷкәын 5, 1970 шықәсазы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5-Sputnik. Аслан Бжьаниа лиубилеи лыдиныҳәалеит Аԥсны Жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, "Ахьӡ-аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Алиса Гыцԥҳа.

"Гәыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Шәҟазара иабзоураны шәара ишәырҳаит аклассикатә музыка пату ззақәу рыбзиабара. Акыр шықәса инеиԥанкыланы урыстәыла амузыкатә театрқәа иреиӷьу ируаку "Геликон-опера" шәыбжьы ықәыҩуеит. Аԥсны шәыла иҽхәоит, шәеихьӡарақәа ҳреигәырӷьоит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Аслан Бжьаниа аоператә шәаҳәаҩы илзеиӷьеишьеит агәабзиара, аҭынчра, арҿиаратә гәазыҳәара.

Алиса Гыцԥҳа аҟазарахь илымоу агәыбылра шьҭрала иаауеит ҳәа илыԥхьаӡоит. Лара диит Аԥсны Жәлар артист, актиор Шьалуа Гыцба иҭаацәараҿы, ԥхынҷкәын 5, 1970 шықәсазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0