Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қәираиа: иахьа адунеитә геополитикаҟны ҳаиԥш имаҷу амилаҭ ашәарҭара ду иҭагылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЭдуард Квирая
Эдуард Квирая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палата алахәылацәа рԥылараан Аԥсны ахада дызлацәажәаз азҵаарақәа иреиуоуп ашәарҭадара. Уи атәы далацәажәо арадио Sputnik аефир аҟны Ауаажәларратә палата алахәыла Едуард Қәираиа иазгәеиҭеит иахьатәи агеополитикатә ҭагылазаашьа ҳмилаҭ азы ашәарҭара шаҵоу.
Қәираиа: иахьа адунеитә геополитикаҟны ҳаиԥш имаҷу амилаҭ ашәарҭара ду иҭагылоуп

"Ауаҩы дахәаԥшыр ибоит адунеи аҟны ашәарҭара иҟоу. Ҳара аибашьраҟны аиааира ҳгеижьҭеи 47 ҳәынҭқарра рнапы шьҭырхуеит Қырҭҭәыла аҵакырадгьыл акзааразы ҳәа. Европатәи аҳәынҭқаррақәа зегьы аурыс иҿагылоуп реизарақәа рҟны. Иаҳдыруеит Америка зыдгылоу аиҿкаара (Аҩада -Атлантикатәи аидгыла- аред.) аибашьрақәа ахьымҩаԥысыз аҳәынҭқаррақәа дара рахь ишрыдрымкыло, аха зегьы акоуп ирҭаху рыдыркылоит. Уажәы Қырҭтәыла ҳадаҳкылар ҟалоит, анаҩс иаанхаз ахәҭақәа маҷ- маҷ рхала аҭыԥ иқәлоит ҳәа адунеитә политика рхы иархәаны иахьа ашәарҭара ду цәырыргоит иҳадгылоу аурыс ҳәынҭқарра аганахьала. Ари аҭагылазаашьаҟны зегь реиҳа ашәарҭара иҭагылоу ҳара ҳаиԥш имаҷу амилаҭқәа роуп", - иҳәеит Қәираиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0