Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟнытә: Габниа Баслаҭа аӡазы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы

© Sputnik / Томас ТхайцукВладислав Габния
Владислав Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭа ахада Владислав Габниа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит аӡазы ауадаҩрақәа ирымоу атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габниа Баслаҭа иҟоу аӡазы ауадаҩрақәа ртәы

"Аӡазы ауадаҩрақәа ҳазцәырҵуан еиҳарак аԥхын, уажәгьы иҟоуп. Аӡымҩангагақәа ҳзышьҭарҵеит, ақалақь аҟынтәи иҳарҭон аӡы, даара ҳаигәырӷьон, аха нас аамҭа-аамҭала иҳарҭо иалагеит уахь ианырзымха. Аӡы ҳарҭоит ашәахьа, ахаша, ахәаша асааҭ акы инаркны фба рҟынӡа. Рыцҳарас иҟалаз ари аамҭазы иоурыжьуа аӡы, аҩадахьы инхо ирзықәгылоу аӡыҭгагақәа рыла зегьы ргоит, аладатәи ахәҭаҟны инхо Ҷанба имҩаду Лазариаа рҳабла ҳәа иҟоуп, урҭ аанхоит ӡыда. "Аӡыканал" аҟынтәи иаан, шьҭа уахынла асааҭ 12 рҟынӡа идырцәаӡом, иара анҳарҭо амшқәа рзы. Аӡыҭгагақәа змоу ртәы анҭәлак, егьырҭгьы нас ироуеит. Уажәы ус ирыӡбеит ажәытә аӡы ахьынтәиҳауаз аҟынтәи измауа ирырҭаларц атехникатә ӡы ҳәа ззырҳәо. Иҳамаз аӡеизакырҭа ду ҭҟәацны иҟоуп, уи иҭарҭәо аӡы маҷуп. Уи ҭәны иҟазҭгьы ас ауадаҩрақәа рауамызт ауаа, аха ирзырҭәуам, иҭҟәацыр зынӡа ауаа ирыҵалоит аӡы. Аӡеизакырҭа ҟаҵамхар ауадаҩра рымазаауеит Ҷанба имҩаду аҿы инхо мацара ракәым, Турбаза иахьаҵанакуа инхо зегьы", - иҳәеит Габниа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0