Аҵарауаа: Урыстәыла COVID-19 хҭысқәа иреиҳаӡоу ахыԥхьаӡарахь анеира иаҿуп

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМеждународный аэропорт Волгограда в период пандемии коронавируса
Международный аэропорт Волгограда в период пандемии коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы Урыстәыла есҽны иазгәарҭоит 24-27 нызқьҩык шычмазцәахаз. Ааигәа иазгәаҭан уахыки-ҽнаки рыла 28 000-ҩык ачымазара шышьҭыркааз.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Урыстәыла COVID-19 хҭысқәа иреиҳаӡоу ахыԥхьаӡарахь анеира иаҿуп ҳәа агәаанагара рымоуп Санкт-Петербургтәи аҳәынҭуниверситет аинтеллектуалтә логистика Ацентр аҵарауаа. Абри атәы аҩуеит "Известия".

Ари аҩыза атенденциа 7-10 мшы ицар, ачымазара алаҟәра иалагоит ҳәа азырыԥхьаӡоит аҵарауаа.

Бжьаратәла ԥхынҷкәын 22 инаркны ачымазара аҽарԥсыҽроуп. Абри амш азы аҵарауаа ргәаанагарала аамҭакала ичмазаҩу рхыԥхьаӡара 514-517 нызқьҩык инаӡоит. Ԥхынҷкәын 6 азтәи арбага 479 000 пациент ыҟан.

Москва ачымазара хыхьтәи аҩаӡара иазкылсуеит ҳәа ишьоуп ԥхынҷкәын 10-12 рзы, аамҭакала ичмазцәахар рылшоит 149-151 нызқьҩык, Санкт-Петербург — ԥхынҷкәын 15-16 рзы, аамҭакала ичмазцәахар рылшоит 64-65 нызқьҩык.

Уаанӡа Роспотребнадзор аепидемиологиатә центр аҭҵаарадырратә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Александр Горелов иҳәахьан урыстәылатәи арегионқәа рҿы еиуеиԥшымкәа ачымазаратә қәцәа иҟалараны иҟоуп ҳәа. Аҭышәынтәалара алацәажәара алшоны иԥхьаӡеит аа-мшы рыҩнуҵҟа уахыки-ҽнактәи арбагақәа рҽеиҭарымкыр, аҿкра алаҵәара аиндекс акы еиҳамхар.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0