Қырҭтәылантә Аԥсныҟа агуманитартә коридор ала ихынҳәит 400-ҩык

© Sputnik / Томас ТхайцукКПП Ингур
КПП Ингур - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ԥхынҷкәын 3 инаркны 10-нӡа иаанартуеит ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры", Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауаа ареспубликахь ихынҳәырц.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. Ԥхынҷкәын 3 инаркны агуманитартә коридор ала Аԥсныҟа ихынҳәит 425-ҩык, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Рустам Латипов.

"Аҳәаа иахысуаз зегьы иахәҭаз адокументқәа рыман, COVID-19 рцәа ишалам шьақәзырӷәӷәо налаҵаны", – иҳәеит иара.

Аԥсны ԥхынҷкәын 3, асааҭ жәба рзы иаанартит ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры", Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауаа ареспубликахь ихынҳәырц. Акоридор аартуп ԥхынҷкәын 10 рҟынӡа.

Қырҭтәылантәи ҳтәыла иҭало зегьы ргәабзиара агәаҭаразы амедико-санитартә хылаԥшра иахысроуп. Иара убас ирымазароуп COVID-19 рцәа изалам шьақәзырӷәӷәо аилыркаа, Қырҭтәылатәи амедусҳәарҭақәа рҟынтәи, аҳәаа ахысра аамҭазы 72 сааҭ иреиҳамкуа.

Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра ҟалоит абарҭ адокументқәа умазар:

  • Атәыла анҭыҵ ауаҩы ихаҿра шьақәзырӷәӷәо Аԥсны атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы;
  • Аԥсны атәылауаҩ иҩнуҵҟатәи азеиԥшуаажәларратә тәылауаҩшәҟәы (2016 шықәсазтәи);
  • Аԥсны аҵакыраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо аҳәаанырцә тәылауаҩ, ма атәылауаҩра змам ахаҿы анхарҭа аиуразы ишәҟәы;
  • Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ирынаҭаз аформа №9 ала аилыркаага;
  • 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа ирымазароуп аиразы аршаҳаҭга.

Аԥсны ахааада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба хәажәкыра 11 рзы анапынҵа ҟаиҵеит Егры иаԥну аҳәынҭқарратә ҳәаа 2020 шықәса хәажәкыра 14 инаркны аркразы. Асеиԥш аӡбра рыдкылан Қырҭтәыла акоронавирустә инфекциа COVID-19 змаз рхыԥхьаӡара ахьырацәахаз азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0