500-ҩык инарзынаԥшуа Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәит агуманитартә коридор ала

© Sputnik / Марианна Кубрава Граница по реке Ингур
Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ԥхынҷкәын 3 инаркны 10-нӡа иаартын ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры", Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауаа ареспубликахь ихынҳәырц.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik. Ԥхынҷкәын 3 инаркны агуманитартә коридор ала Аԥсныҟа ихынҳәит 550-ҩык, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Рустам Латипов.

Рустам Латипов - Sputnik Аҧсны
Арадио
Латипов Егры аҳәаала агәыманитартә коридор аартразы: алацәажәара азгәаҭоуп

Агуманитартә коридор аадыртит ԥхынҷкәын 3 асааҭ 9:00 рзы. Аушьҭырҭатә ҭыԥ ала ауаа Аԥсныҟа иаауан ԥхынҷкәын 10 асааҭ 18:00 рҟынӡа.

Латипов иажәақәа рыла аԥхьатәи амш азы аӡәгьы аҳәаа дахымсӡеит, егьырҭ амшқәа рзы бжьаратәла 60-ҩык аҳәаа иахысуан. Аҵыхәтәантәи амш азы 61-ҩык ахысит.

Қырҭтәылантәи ҳтәыла иҭало зегьы ргәабзиара агәаҭаразы амедико-санитартә хылаԥшра иахысроуп. Иара убас ирымазароуп COVID-19 рцәа изалам шьақәзырӷәӷәо аилыркаа, Қырҭтәылатәи амедусҳәарҭақәа рҟынтәи, аҳәаа ахысра аамҭазы 72 сааҭ иреиҳамкуа.

Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра ҟалоит абарҭ адокументқәа умазар:

  • Атәыла анҭыҵ ауаҩы ихаҿра шьақәзырӷәӷәо Аԥсны атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы;
  • Аԥсны атәылауаҩ иҩнуҵҟатәи азеиԥшуаажәларратә тәылауаҩшәҟәы (2016 шықәсазтәи);
  • Аԥсны аҵакыраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо аҳәаанырцә тәылауаҩ, ма атәылауаҩра змам ахаҿы анхарҭа аиуразы ишәҟәы;
  • Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ирынаҭаз аформа №9 ала аилыркаага;
  • 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа ирымазароуп аиразы аршаҳаҭга.

Акоронавирус апандемиа аамҭа зегь иалагӡаны Аԥсны ԥшьынтәуп агуманитартә коридор аанартуеижьҭеи аҳәаанырцә иҟоу ареспублика ауааԥсыра рыҩныҟақәа рыгьыжьра арманшәаларазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0