Урыстәыла атәылахьчара аминистрра: алаҵа "Спутник V" аҳаҭыр ладырҟәырц иаҿуп

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПроизводство компании BIOCAD в Санкт-Петербурге
Производство компании BIOCAD в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алаҵа рзыҟарҵахьеит 150 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра – арҵаҩцәа, амедусзуҩцәа, асоциалтә маҵзурақәа русзуҩцәа, еиҳа ашәарҭара иҭагылоу.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11- Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра алаҵа "Спутник V" аҳәаанырцә аҳаҭыр ладырҟәырц иаҿуп ҳәа агәҽанҵара ҟанаҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аусбарҭа ахаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Асоциалтә ҳақәеи аҳәаанырцәынтәи аԥара ззыршәо аинтернет-ресурсқәеи рҿы азырхиара иаҿуп амцаналитикатә "ҭҵаарақәеи" "алаҵа шшәарҭоу азы ашаҳаҭцәа рҳәамҭақәеи" рсериа", - еиҭеиҳәоит аминистрра аофициалтә хаҭарнак.

Конашенков иажәақәа рыла "аинформациатә саботаж" урыстәылатәи алаҵа акала изаԥырхагахом, аҳәаанырцәтәи алаҵақәа еиҳа амчра шырнамҭа аиԥшҵәҟьа.

Алаҵа аус адулан Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V".

Алаҵа аҭҵаарагәаҭарақәа қәҿиарала ирхысит 18 - 60 шықәса зхыҵуаз хатәгәаԥхарала иҟазҵаз рҿы. Урҭ зегьы рҿы акоронавирустә инфекциа COVID-19 аиммуннтә ҭаки ацәеижьҿагыларақәеи роуит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0