Џьо Баидени Камала Харриси "Ашықәс ауаҩы" ҳәа ахьӡ иаԥсахеит Time аверсиала

© REUTERS / MARK MAKELAДжо Байден
Джо Байден - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Time ашорт-лист иаҵанакуан ЕАА иахьатәи ахада Дональд Трамп, ЕАА аинфекционист хада Ентони Фаучи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Заанаҵтәи аԥхьаӡарақәа рыла ЕАА ахадас иалху Џьо Баидени ихаҭыԥуаҩ Камала Харриси "Ашықәс ауаҩы" ҳәа ахьӡ иаԥсахеит Time аверсиала.

Ари ахьӡ иаԥсахаз рыӡбахә аҭыжьымҭа Time Twitter аҿы идырбаз аролик аҿы ирылеиҳәеит ашәаҳәаҩ Бриус Спрингстин.

Иара убасгьы Time ашорт-лист иаҵанакуан ЕАА иахьатәи ахада Дональд Трамп, ЕАА аинфекционист хада Ентони Фаучии "Движение за расовую справедливость" амедицинатә усзуҩцәеи. Аиҿкаара ахы акит Џьорџь Флоид Миннеаполис иаанкылараан данҭаха ашьҭахь.

2019 шықәса рзы "Ашықәс ауаҩы" ҳәа ахьӡ лыхҵан 16 шықәса зхыҵуаз швециатәи аекоактивистка Грета Тунберг.

Ажәабжьқәа зегьы
0