"Уаанӡатәиқәа" ирхароуп шаҳҳәоз, иахьа ҳахьыҟоу ҳааит: афымцалашара апроблема иазкны

© Sputnik / Леон Адлейба Лампочки
Лампочки  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа Аԥсны зҭагылоу апроблемақәа иаарылукаауеит афымцамч азҵаара. Аоппозициеи амчреи ахара рыдибаҵо шықәсыла ишааиуаз, иахьатәи аҭагылазаашьаҟны ҳкылсит, апроблема ӡбашьак амиукәа ҳәа лыԥхьаӡоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
"Уаанӡатәиқәа" ирхароуп шаҳҳәоз, иахьа ҳахьыҟоу ҳааит: афымцалашара апроблема иазкны

Сынтәатәи ҽаҩраҭагалан иаҳзаанагеит афымцалашаратә кризис. Хымԥада, афымца арцәара иахьа ицәырымҵит, аибашьра ааилгазар, алашара арцәара, аӡы аанкылара ҳзышьцылахьоу усуп. Ажәлар еснагь еигәыӷуеит арҭ ықәҵыр егьырҭ иааиуа ҳамчра еиӷьу ҟарҵап ҳәа. Агәыӷра гәыӷроуп, аха ареалтә ԥсҭазаараҿы атәыла ахагылара, ажәлар рымаҵ аура, азакәанқәа аус руа аҟаҵара алыршара мариамхеит.

Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
Амаинингуаа раамҭа, мамзаргьы лашарада аҟазаара

Аҭоурых ҳагәылаԥшуазар, Аԥсны аоппозициа цәырҵит бжьаратәла 2001 шықәсқәа рзы. Усҟан еиҿкааз ауаажәларратә еиҿкаара "Аиҭаира" раԥхьатәи иџьбараз оппозициатә мчуп ҳҳәар ауеит, еиуеиԥшым ауаажәларратә ветерантә еиҿкаарақәа шыҟазгьы. "Аиҭаира" раԥхьатәи апрезидент Владислав Арӡынба ихаан иаԥҵан, уи ҵәатәышьаҟас иаҵагылаз иара уаанӡа аус ицызуаз ракәын. "Аиҭаира" иалан аинтеллектуалтә мчқәа, иқәдыргылон усҟантәи аамҭазы иҵарыз азҵаатәқәа.

Урҭ анаҩс ирыцлеит, 2002 шықәсазы иуаажәларра-политикатә еиҿкаарахаз аветерантә мчра "Амцахара".

Ажәакала, ҳтәылаҿы аоппозициатә мчра уажәшьҭа ақәра маҷым ҳҳәар алшоит. Раԥхьатәи аоппозициа 2005 шықәсазы амчрахь излааиз ала, анаҩс ицәырҵит ԥхьатәара ицаз аполитикатә мчра иахаҭарнакцәаз роппозициатә мчра "Аԥсны жәлар ракзаара афорум". Ҳтәылаҿы еиуеиԥшым апартиақәеи аиҿкаарақәеи шыҟазгьы, иаҳҳәар ауеит - ҩ-мчык рҽеиҭнырыԥсахуеит иахьа уажәраанӡа.

Абар 15 шықәса ҵит уи аахыижьҭеи, абар ҳазҭоу ашықәс алагамҭазы 5-тәи Аԥсны ахада далаҳхит. Аԥсуа оппозициатә психологиа иаҟазшьа ҷыдоуп амчраҿ иҟоу иҟарымҵо зегьы дара иҟарҵарашәа аҳәара, уи агәра зго ахархьуаа рхы иархәаны, амчра рнапаҿы иааргоит, зны-зынла Аԥсны ахада иусурҭа ҭыԥ иақәланы.

Абар иацынӡа аԥшандагатә системала аҟәаа алашара роуан, егьырҭ араионқәагьы фымцалашарада иантәоу рацәоуп. Аԥсны афымцамч акризис амҩа ишану иҿыцу жәабжьым. Урыстәылантәи афымцалашара иаарышьҭызгьы, ари апроблема шьаҭанкыла аӡбара макьанагьы изалыршахом.

Акырынтә ишьҭаҳххьан азҵаатәы, алашара нызхуа ауааԥсыреи аиҿкаарақәеи ауал шрықәу, уи ршәарц азы аҳәынҭқарра амчрақәа акгьы шыҟарымҵо. Аамҭак азы, уаанӡатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иақәикит ахә зымшәо рзы амнистиа аҟаҵара, аха алашара ахә ахызшәаауаз рганахь ари ҳақмызт, иаҿагылозгьы ҟалеит, амнистиагьы аԥсҭазаара амоуит.

Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара - Sputnik Аҧсны
Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара

Иаҳҳәап, 2017-тәи ашықәстә рбагақәа рыла аиуристтә хаҿқәа 71,9%, хаҭалатәи ахархәаҩцәа 39,3%, иааизакны 46,8% алашара ахархәаҩцәа ахәԥса ахыршәаауамызт. Аҭагылазаашьа иахьанӡагьы аҽамԥсахит. Амчра иазымхәыцит хәыда-ԥсада алашара нызхуа рзы санкциак.

Абасала, изшәоз иршәон, изымшәоз изшәоз рыбзоурала инхон. Асоциалтә ҳақәа рҿы уажәтәи амчра иадгылоу, "изхароу уаанӡатәиқәа роуп" рҳәоит, ажәакала ишынеиқәырҵоз, акризис ду аҿы ҳааины ҳаҟоуп. Ахә амшәара анаҩсан, ишыжәдыруа еиԥш, амаининг фермерцәа ҳфымца зынӡа аҵахь ирышьҭит. Уи азы Аԥсны аиҳабыра ҽаантәи аԥхын алагамҭанӡа иааныркылеит раԥхьа изқәиҭыртәыз "амаининг ахархәаразы азин".

Афымца ишабалак аныхразы, ахә ахымшәааразы иҳарҽхәаша мчык макьана иҟамлац. Ауаҩы инихуа ахә ишәозароуп, аинтернет ухы иаурхәозар, ахә умшәар - иаҿырхуеит, аҭел ианаамҭоу аԥара ҭоумҵар - аусура ԥкуеит зҳәаз еиԥш, ԥарада аус зуа акгьы ыҟам. Ииашоуп, афымцамч ишынеибаку адистанциатә хылаԥшра ауҭарц, алашара ахә зымшәаз итәы иаразнак иурцәо аҟаҵаразы аԥара ду аҭахуп, аха ус акәзаргьы, инеиԥынкыланы акыр шықәса ахә зымшәо рзы мчык ыҟамкәа ишԥаҟалеи? Изхарада ҳәа азҵаатәы анцәырҵлакгьы, "уаанӡатәиқәа" шаҳҳәоз иахьа ҳахьыҟоу ҳааит.

Апоет Таиф Аџьба имоуп аполитикатә хырхарҭа змоу "Абна лакә" захьӡу алакә-поема. Уаҟа абна ахьыхшьаау уҳәа ауадаҩрақәа иҟоу зхароу азы абна агәҭаны аизара мҩаԥнагеит Амшә. Аизара иалахәын: ақәыџьма, абга, ажьа. Алакә аҿы ахара зду ишишьҭаз абри иазааит:

"Амшә ҭаҷкәымла ақәыџьма иасит.

Ақәыџьма гәаан - абга иасит.

Абга гәаан - ажьа исит.

Ажьа гәаан - анышә иасит.

Анышә иачҳауеит зегьы -

Уаҳа акымзарак акгьы".

Абас ихиркәшоит апоет илакә-поема. Ҳаԥсҭазаараҿгьы абас иҟалеит, амчра аоппозициа иахаранаҵоит, аоппозициа амчра иақәыӷәӷәоит, ахьаа зауа убри аан, ажәлар роуп. Ажәлар ирычҳауеит зегьы, уаҳа акымзарак акгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0