Баиден иабжьыргеит Урыстәыла ҳаҭырла дазыҟазарц

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаги России и США на здании посольства США.
Флаги России и США на здании посольства США. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара хԥа рзы Еиду аштатқәа рҟны имҩаԥысит атәыла ахада иалхра. Џьо Баиден 306 бжьы иоуит, Дональд Трамп — 232 бжьы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16- Sputnik. Урыстәыла азҵаарақәа рзы Аҩны шкәакәа уаанӡатәи абжьгаҩ Фиона Хилл ҿыц иалырхыз ахада Џьо Баиден иабжьылгеит ҳаҭырла Урыстәыла дазыҟазарц, Барак Обама ихаан ишыҟарҵоз еиԥш акәымкәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Обама Урыстәыла регионалтә ҳәынҭқарроуп ҳәа ахиҳәаауан. Ихаҭагьы икомандагьы даарак уи иазхәыцырц рҭахымызт. Аха адунеи аҽаԥсахит. Баиден аҩбатәи Обама зиакәхом. Иахьазы аҽакала ахәыцра аҭахуп", - лҳәеит Хилл агазеҭ New York Times аинтервиу аҭо.

Президент РФ В. Путин провел встречу с главой ОАК Ю. Слюсарем - Sputnik Аҧсны
Путин Баиден алхрақәа рҟны иигаз аиааира идиныҳәалеит

Убри аан илҳәеит Урыстәыла ЕАА рзы ишшәарҭоу. Агазеҭ иазгәанаҭоит аҵыхәтәантәи аԥшьышықәса рыҩныҵҟа ишцәырҵыз акоронавирус аиԥш иҟоу азеиԥш шәарҭарақәа.

"Сгәы иаанагоит, аамҭақәак рышьҭахь Урыстәыла ахымҩаԥгашьа аԥсахуеит ҳәа, уи зыхҟьо ҳара иҟаҳҵо анырра акәым, адунеи аҿы аҳауатә еиҭакрақәа ракәхоит", - азгәалҭеит Хилл.

Лара лажәақәа рыла, аҩадатәи аҵаақәа рыԥсасира Алиаска аԥшаҳәаҿы амшынтә ныҟәараз аимакқәа цәырырго иалагахьеит. "Арҭ апроблемақәа зегьы ҿыцрыла ирыхәаԥшлатәуп", - лҳәеит лара.

Хилл 2017 шықәса рзы ЕАА амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аҿы Урыстәылеи Европеи рзы бжьагаҩыс далхын. 2019 шықәса рзы ари аҭыԥ нлыжьит, иахьа аус луеит Брукингтәи аинститут аҿы.

Абҵара хԥа рзы Еиду аштатқәа рҟны имҩаԥысит атәыла ахада иалхра. Абжьқәа рыԥхьаӡара акыр иуадаҩны имҩаԥысуан. Акандидатцәа дара дара ахара рыдибаҵон аполитикатә ԥаршеира мҩаԥгоуп ҳәа.

Џьо Баиден 306 бжьы иоуит, Дональд Трамп — 232 бжьы. Трамп макьана иаҵахара дақәшаҳаҭым. Иара абжьыҭара алҵшәақәа дырзашшуеит, аха ӡбарҭак макьана идымгылацт.

Ажәабжьқәа зегьы
0