АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. Гагреи Гәдоуҭеи рраионқәа рҿы иҟаз амцакра ырцәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА амчрақәа рнапхгаратә Центр аиҳабы Баҭал Барчан.
"Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы иҟаз амцакра ырцәоуп, рхыҵхырҭақәагьы ыҟам. Амцарцәаҩцәа рылшаралеи илеиуа иалагаз ақәеи еицхырааны ари алыршахеит", - иҳәеит иара.
Гәдоуҭа араион аҿы абна амца шакыз азы адырра ҟаҵан ԥхынҷкәын 12 рзы. Амца акын 15 гектар. Уа ԥшьымш ирықәын абнара амца акуижьҭеи.
Аҟәеи Агәыӡереи рҟынтәи амцарцәаҩцәатә бригадақәа Гәдоуҭа араион ахь ацхырааразы инашьҭын.
Ԥхынҷкәын 13 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан Гагра араион Ԥсахара ақыҭаҿы абна абылра иаҿуп ҳәа. Гагра араион аҿы иҟоу адыррақәа рыла зынӡа 30 гектар абна амца ркын.
Аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба. Дара иалдыршеит ааигәа игылаз аҩнқәа амца рацәыхьчара. Аха атехника ҷыда ахьзымнеиз азы ашьхаҭыԥқәа рҿы амца рзаанымкылакәа иҟан.