Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цыгәба аӡыҭгага "Репруа-1" аусуразы: зегьы аус руа иҟаҵатәуп

© Foto / предоставлено Бесланом ЦугбаБеслан Цугба
Беслан Цугба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақь "Аӡыканал" аиҳабы Беслан Цыгәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақалақь ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәаразы иҟаз ауадаҩра шаԥыху.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Цыгәба Гагра аӡы аиуразы иҟоу ауадаҩра иазкны

"Аӡыҭгагатә станциа "Репруа-1" иаанкылан иҟан, арантәи ауп ақьалақьуаа реиҳараҩык аӡы зларауа. Асааҭ хԥа рзы аӡы аанкылан, адырҩаҽны Адлернтәи иаҭахыз ааганы, иԥхасҭахаз амаҭәахә еиҭашьақәыргыланы, иацы асааҭ 11 рзы ақалақьуаа аӡы роуит. Аӡыҭгагатә станциаҿы, убри аҩыза ахьықәургылаша аҭыԥгьы ыҟам, уи ыҟазҭгьы акы аанкылан, еимыхны еибаҳҭаанӡа егьи аус ауларын, иқәгылоуп аӡхагалақәа ҿыцқәа хԥа, аха дара аус руртә еиԥш макьана еиқәыршәаӡам. Еиҭа ари аԥхарра иҟаз аӡеизгарҭақәа ҩба ҭабаны иҟан, ақәа хәыҷы илеиз иабзоураны урҭ ҭәыр, ахала аӡы хьнеиуа аҭыԥқәа рҿы ауадаҩрагьы аԥыххоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Цыгәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0