Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Багаԥшь ахашәалатәи ашәахтә азы: иназыцҵоу ахәԥсазы араион ианамырх, уи ак аанхар бзиоуп

© Foto / предоставлено Адгуром БагапшАдгур Багапш
Адгур Багапш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра Очамчыратәи аҟәша аиҳабы Адгәыр Багаԥшь арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәахтәқәа реизгаразы араион аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы ахашәалатәи ашәахтә азы иҟоу аԥсахрақәа ахҳәаа рзыҟаиҵеит.
Багаԥшь ахашәалатәи ашәахтә азы: иназыцҵоу ахәԥсазы араион ианамырх, уи аанхар бзиоуп

"Очамчыра араион иҟоуп азауадқәа хәба аԥсыӡ зкуа, нас аус рыдуланы изҭиуа, убарҭ иршәо анаплакы ахашәалатәи ашәахтә хкы ауп. Уи усҟан 50% араион аҿы инхон, егьы абжа аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахь ицон. Зегьы инеизакны араион аҿы инхар даара ибзиоуп ҳәа агәаанагара сымоуп. Жәеизамз ирылагӡаны ашәахтәқәа рганахьала планс иартәон 48 миллион 540 нызықь мааҭ, еизаҳгеит 64 миллиони 251 нызқьи, абраҟа уахәаԥшуазар, 64 миллион мааҭ араион аҿы инхар иаҳа еиӷьми уи абжа аиҳа. Араион аҿы аплан ашәахтәқәа хкқәак рыла инагӡаӡам. Иаҳҳәап, ақыҭаҿы ирцәыуадаҩуп адгьыл азы ашәахтә ашәара, инагӡаӡам ашәахтә ҷыдагьы, иназыцҵоу ахәԥса аизгаразгьы аиҵахара ҳамоуп, ажәеизатәи амза зланагӡоу 61% рылоуп. Уигьы 150% араион аҿы инхоит, 10% ареспубликатә биуџьеҭ ахь ицоит. Уажәы иҟоу ацәажәарақәа рыла, иара ишынеизаку аҳәынҭқарратә биуџет ахь ицоит, убасҟан анаплакы ахашәалатәи ашәахтә аанхар араион азы даара ибзиахон", - ҳәа еиҭеиҳәеит Багаԥшь.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0