Кисловодскынтәи Гаграҟа: аретро-дәыӷба "Шәача" амаршрут ҿыц ала аныҟәара иалагоит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовый туристический поезд "Сочи"
Новый туристический поезд Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аретро-дәыӷба "Шәача" аныҟәара аграфик ԥсахын ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа раан апассаџьырцәа рырманшәаларазы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Атуристтә ретро-дәыӷба "Шәача" амаршрут ҿыц ала аныҟәара иалагоит, уи аграфик ԥсахын аныҳәамшқәа раан апассаџьырцәа рырманшәаларазы. Ԥхынҷкәын 28 инаркны ажьырныҳәа 10 рҟынӡа Кисловодскынтәи Гаграҟа еиҳа иауу амаршрут ала иаалоит.

Аԥсны аԥшӡара ҭыԥқәа збарц зҭаху рзы апакеттә тур азырхиоуп.

Новогодняя ель в Центральном детском магазине на Лубянской площади в Москве. - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыц азы аԥсшьараз Аԥсны урыстәылаа еиҳа иалыркаауа хырхарҭахеит

Ашьхашәҩатә курорт "Роза Хутор" зыԥсы зшьо ироуеит алшара абри адәыӷбала иныҟәарц. Ирзыманшәалахарц азы ишьақәыргылоуп амшеихшанҵа. Уи инақәыршәаны "Роза Хутор" аҟынтәи авагонқәа атуристтә дәыӷба "Шәача" Адлертәи авокзал аҿы иаԥыршьуеит.

Ԥхынҷкәын 28 инаркны ажьырныҳәа 8 рҟынӡа адәыӷба Кисловодск иқәҵлоит асааҭ 17:15 рзы, Гагра иааиуеит асааҭ 11:30 рзы. Гагрантәи ԥхынҷкәын 29 инаркны ажьырныҳәа 9 рҟынӡа ицалоит асааҭ 18:43 инаркны, Кисловодск инеиуеит асааҭ 11:28 рзы.

"Роза Хутор" аҟынтәи апассаџьырцәа есыҽны Гаграҟа иаалар рылшоит ԥхынҷкәын 29 инаркны ажьырныҳәа 9 рзынӡа ашьыжь асааҭ 07:14 рзы, шьҭахьҟа игьежьуеит асааҭ 23:10 рзы.

РЖД иазгәарҭоит адәыӷбақәа хымԥадатәи асанитартә рыцқьара ишахрыжьуа. Адәыӷбақәа рвагонқәа рҿы аультрафиолет бактерицидтә лампақәа ықәыргылоуп. Амҩан апассаџьырцәа ршоура уахыки-ҽнаки рахь ҩынтә еиҵамкәа иршәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0