Џьапуа: амандаринақәа сынтәатәи рекспорт аибашьра ашьҭахь иеиҳау рбагоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСбор мандарин
Сбор мандарин  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уахыки-ҽнаки рыла аурыс-аԥсуа ҳәаа иахыргоит 1000 - 1900 тонна амандарина ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Иахьазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа иахыгоуп 32,8 нызқь тонна амандарина, ари аибашьра ашьҭахь иеиҳау рбагоуп, ирекордтәуп ҳәа амаҵзура Аԥсныпресс иазеиҭеиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа.

"Сынтәа аҳауатә ҭагылазаашьагьы акыр иманшәалахеит, ахәаҷа-маҷа ирҿагыланы имҩаԥгаз ауснагӡатәқәагьы хәарҭахеит. Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩныҵҟа иреиӷьу аҽаҩра ҟалеит. Иахьазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа иахыгоуп 32,8 нызқь тонна амандарина, 2018 шықәса рзы –13,9 нызқь тонна,  2019 шықәсазы – 9,4 нызқь тонна",- иҳәеит аминистр.

Иара иазгәеиҭеит ахәаҷа-маҷақәа рнырҵәаразы ишныхыз 130 миллион мааҭ.

Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрусқәа рекспорт ҩынтәны еиҳауп 2019 шықәсатәи арбагақәа раасҭа

"Урыстәылеи Аԥсни аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны амармалташь пты, америкатәи ахьычԥаԥыр уҳәа егьырҭ аԥырхага ҟазҵо амаҵақәа рнырҵәаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥган. 130 миллион мааҭ рзоужьын. Арҭ аԥарақәа, ф-миллионк рыда ҳхы иаҳархәеит", - иҳәеит Џьапуа.

Иара убасгьы ауааԥсыра ирзеихшан 20 000 литра амаҭәашьар, 400 хәшәықәҭәага, 12,5 нызқь аферомонтә каҭақәа. Ахәшә рықәҭәан 59 000 гектар адгьылқәа.

Аминистр иара убасгьы егьырҭ акультурақәа рекспорттә рбагақәа ртәы иҳәеит:

  • 2 000 тонна араса, 2019 ш.– 268 тонна,
  • 815 тонна ахәырма, 2019 ш. –59 тонна,
  • 991 тонна афеихо, 2019 ш. – 429 тонна,
  • 13 тонна акиви, 2019 шықәса рзы зынӡа иалгамызт.

Ацитрустә шәырқәа риагараан аԥснытәи аҳазалхырҭа иреиҵаӡоу аҳазалхратә хәыԥса шьақәнаргылоит – кьылак азы 19 мааҭ. Аҳазалхратә еизга аԥсуа ган аҿы 0,1 процент артәоит атауар аҳазалхратә хәыԥсаҟынтәи.

Аурыс ган аҿы ишьақәыртәоу хәыԥсак ыҟам. Ахәԥса еиҿыркаауеит атауар злаахәаз ҳәа адекларациаҿы иадырбо ахәԥсала. Уи адагьы Урыстәыла ашәыр алагалараан ахәԥсаҵазы ашәахтә (НДС) 10 процентк ахырхуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0