АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Роспотребнадзор Аԥсныҟа 45 000 тест-система COVID-19 адиагностикаҟаҵаразы иаанашьҭит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Аԥсныпресс.
"Аԥснытәи асанепидемстанциа Урыстәылатәи Афедерациаҟынтә агуманитартә цхыраара аиуит. Уажәазы атест-системақәа аанашьҭит. Ариаҟара ирацәаны уаанӡа атест-системақәа ҳмоуцызт", - лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.
Убри аан иазгәалҭеит, атестқәа заҟа аамҭа иазхо атәы еилкаам ҳәа, зегь зыдҳәалоу урҭ шаҟа ҳхы иаҳархә шакәу.
"Иахьазы иҟоу аҭагылазаашьала ҳлабораториа уахи-ҽнитәи аусуратә режим ахь ииасыроуп, мышкы ахы аҵыхәала 1000 рҟынӡа ҭҵаара мҩаԥаагартә аиԥш", - лҳәеит Лиудмила Скорик.
Уаанӡа асанитартә ҳақьым хада аҳәамҭа ҟалҵахьан акоронавирустә инфекциа аизҳара аҩаӡара ажьырныҳәа 5 рышьҭахь иреиҳаӡахар алшоит ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Скорик илҳәеит COVID-19 азы анализ аҭаразы агәаранқәа рцәырҵра зыхҟьаз