Аԥсны аоперштаб: 114 коронавирус хҭыс ҿыци ҩ-ԥсҭбараки

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭкспресс-тестирование на COVID-19 в аэропорту Внуково
Экспресс-тестирование на COVID-19 в аэропорту Внуково - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 8350-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 6686-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 107-ҩык.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 529-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 114-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 1955 шықәсазы ииз апациент. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит ԥхынҷкәын 8 рзы, аклиникатә диагноз - "акоронавирустә инфекциа ҿыц". Ахаҵа иақәнагаз ахәышәтәра дахысуан, аха ԥхынҷкәын 25 рзы иԥсҭазаара далҵит.

Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны лыԥсҭазаара далҵит 1957 шықәсазы ииз апациентка, уигьы лдиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц" акәын, иара убас зыҽзыруадаҩыз лчымазара хада "иуадаҩны имҩасуа ҩганктәи ахәышәтәырҭанҭыҵтә аполисегментартә гәыҵәкра". Аԥҳәыс ԥхынҷкәын 24 ауха лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас аоперштаб ԥхынҷкәын 24 рзы иҟанаҵаз адырраҿы ирыхьыз агха азгәарҭеит - ԥхынҷкәын 23 рзы Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы акәымкәа, Тҟәарчал араион ақыҭақәа руак аҿоуп 1968 шықәсазы ииз апациентка лыԥсҭазаара дахьалҵыз.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 110-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 98-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 38-ҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 22-а, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 18-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 43-ҩык.

Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 43-ҩык пациент. 38-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Ажәабжьқәа зегьы
0