АҞӘА, ԥхынҷкәын 26-Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин аԥснытәи иколлега Александр Анқәаб имш иира идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара асаит.
Мишустин иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҿиареи, арӷәӷәареи аус аҟны Александр Анқәаб илагала атәы.
"Агәра згоит аиҳабырабжьаратә усеицура ԥхьаҟа ишцо, ишеизҳауа. Ахәаахәҭра-економикатә, акультура-гуманитартә хырхарҭақәа рыла аусеицура иалдыршоит еиуеиԥшым апроектқәа рынагӡара. Уи азы Аԥсни Урыстәылеи иалшо ҟанаҵоит, ринтересқәа азгәаҭаны", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Мишустин Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиӷьеишьеит агәабзиареи ақәҿиарақәеи.
Александр Анқәаб, иара убас, имш иира идиныҳәалеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.
Александр Анқәаб диит ԥхынҷкәын 26, 1952 шықәсазы Аԥснытәи АССР ақалақь Аҟәа.
1974 шықәсазы далгеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет, иара убас ЦК КПСС иатәу Ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа.
1975-1981 шықәсқәа рзы Аԥснытәи АССР Аиустициа аминистрраҿы аус иуан, Акомсомол Аԥснытәи аобком аҿы, дыҟан Гәдоуҭатәи араионтә комсомол актәи амаӡаныҟәгаҩыс, Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гәдоуҭатәи рраионтә ҟәша аиҳабыс.
1981-1983 шықәсқәа рзы Қарҭ ақалақь аҿы Қырҭтәыла ЦК Акомпартиа административтә усбарҭақәа рыҟәша аинструкторс, ақыҭанхамҩа аҟәша аҭҵаарадырреи аекономикатә анализи рсектор аиҳабыс, административтә усбарҭақәа рыҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
1984-1990 шықәсқәа рзы Александр Анқәаб напхгара аиҭон Қырҭтәылатәи ССР Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аполитаппарат (аминистр ихаҭыԥуаҩ изинқәа иманы). 1991 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатс далхын.
1992-1993 шықәсқәа рзы Александр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан.
1994-2000 шықәсқәа рзы Анқәаб дынхон Москва, ауаажәларра-политикатә усура, агәыҳалалра, абизнес инапы рылакын.2000 шықәса раахыс Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҵысра "Аиҭаира" аиҿкааҩцәеи анапхгаҩцәеи дыруаӡәкуп.
2005 шықәса жәабранмза инаркны 2010 шықәса жәабранмзанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министрс дыҟан.
Жәабран 12, 2010 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩыс дҟалеит.
Нанҳәа 26, 2011 шықәсазы Александр Анқәаб Аԥсны ахада имаҵура ааникылеит. Ԥхьатәара дцеит 2014 шықәсазы атәылаҿы аҭыԥ змаз аполитикатә кризис иахҟьаны.
2017 шықәсазы Александр Анқәаб Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатс далхын.
Мшаԥымза 24 2020 шықәсазыАслан Бжьаниа иусԥҟа инақәыршәаны Аԥсны аԥыза-министрс дҟаҵан.