Ари ашықәс уажәшьҭа рацәак азнымхеит, аха иҟоуп макьана иугәалашәаша акырзҵазкуа арыцхәқәа
15:29 29.12.2020 (ирҿыцуп: 15:46 29.12.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
Ари ашықәс уажәшьҭа рацәак азнымхеит, аха иҟоуп макьана иугәалашәаша акырзҵазкуа арыцхәқәа. Убас, сынтәа шәышықәса ҵуеит Семион Ашәхәаҵаа ишәҟәы "Аԥсуаа рҭоурых аҿиара амҩақәа" ҭыҵижьҭеи ("Пути развития абхазской истории", 1925).
Семион Ашәхәаҵаа — аԥсуа ҵарауаҩ, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ, ашәҟәыҩҩы, апублицист, ХХ ашәышықәса алагамҭазы иааиҵагылаз аинтеллигенциа даарылукаауа дыҟан. Иԥсҭазаара зегьы хықәкы хадас иамаз Аԥсны аҭоурых аҭҵаара, ашәҟәы анҵара акәын. Ажәлар аҵаралашарахь ркылгара, рдоуҳатә мал ахьчара дазааԥсон, "Бзыԥтәи акомитет" деиҳабын. 1906 шықәсазы абызшәадырҩы апрофессор Мазинг дадыԥхьаланы еиқәиршәеит 77 нбан инаӡоз аԥсуа алфавит, бзыԥтәи адиалект ашьҭыбжьқәа зегьы арбаны. Абри алфавит ала ианҵан аԥсуа лакәқәа шәкы инарзынаԥшуа.
Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылацәа дреиуан. Аԥсуа жәлар рхеилак (АНС) аиҿкаара далахәын, Ашьхарыуа Республика аиҳабыраҿы Аԥсны ахаҭарнакс дыҟан (1917-1918). Асовет аамҭазы Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара далан, Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа дахәҭакын. Иҩит имаҷымкәа астатиақәа, урҭ реиҳарак аҭоурыхи археологиеи ирызкын. 1924 шықәсазы Аҟәеи Лыхни имҩаԥысуаз кавказҭҵааҩцәа актәи реизара ду аҿы иҟаиҵаз ажәахә ауп адырҩашықәсан "Аԥсны аҭоурых аҿиара амҩақәа" ҳәа хазы шәҟәны иҭрыжьыз, Марр иаԥхьажәа ацны. Ари ашәҟәы иахьагьы азҿлымҳара амоуп, игәцаракны иаԥхьоит.
Семион Ашәхәаҵаа ихы шьҭымхӡакәа ҩ-напыкала аҭҵаара аус даҿын, хыԥхьаӡара рацәала ажәытә хыҵхырҭақәа ихы иаирхәон, архив бзиаӡа еидкыланы иман. Ԥықәсларада дыҩуан аԥсышәалагьы урысшәалагьы. Аԥсни Қырҭтәылеи рҭыԥқәа еилырганы Кавказ аҭоурых аазырԥшуаз ҩ-томк нагӡа-аагӡа ашәҟәы иҩит, аха иара дандырӡуаз идырӡит уи аусумҭа хатәрагьы. Акыршықәса иӡбахә аҳәара уақәӡуа аҭагылазаашьа ыҟан...
Аҿыц аамҭазы зыԥшаара алшаз иусумҭақәа реиҭаҭыжьра ҟалеит. 2019 шықәсазы Аԥсуаҭҵааратә институт иҭнажьит аҵарауаҩ иалкаау иҩымтақәа реизга, аиқәыршәаҩ — Руслан Гәажәба.
Семион Ашәхәаҵаа (1886–1943) диит Лыхны ақытан, ҭоурыхла Нхыҵгьы Аахыҵгьы инхоз ажәытә аԥсуа ҭауадцәа дырхылҵшьҭроуп. Амҳаџьырра ҟалаанӡа Ҵабал иҟан Шәхәаҵаа рҳабла ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ.
#аҭоурых
Ахьыуардын шәақәтәа