"Амза 28 инаркны аԥсаӡ хадаҟны иаартуп аҵаақәшьқьырырҭа. Уи хәыда-ԥсадоуп. Агәаҳәара змоу зегьы иаҭаар ауеит ари аҭыԥ. Иара ҵыԥхтәи аасҭа еиҳауп, ахаҭабзиара атәы уахь иаҭаауа иаҳа ирҳәартә иҟоуп. Аҵаақәшьқьырырҭа анаартха асааҭ инаркны уи иаҭаауа рхыԥхьаӡара рацәоуп, ахәылбыҽха иаҳагьы ирацәахоит. Еиҳарак иқәчаразырц зҭаху ахәыҷқәа роуп, урҭ даара ргәы иахәоит, уахьрыхәаԥшуагьы угәы еизҳауеит. Ачымазара иахҟьаны иҟоуп аԥҟарақәа, иаҭаауа зегьы урҭ ирықәныҟәароуп. Зегьы инеиԥынкыланы ирымазароуп асабрадақәа, хәыҷи дуи ршоура гәаҳҭоит. Зныкала аҵаақәшьқьырырҭахь 25-ҩык еиҳаны инаҳашьҭуам", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Аҵаақәшьқьырырҭа аус аулоит жәамш, ашьыжь асааҭ 11 инаркны 21 сааҭ рҟынӡа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Кәыҵниаԥҳа Аҟәа ашықәсҿыцазтәи апрограммазы: аныҳәатә гәалаҟазаара аԥаҳҵар ҳҭахуп