Аслан Бжьаниеи Владимир Путини адныҳәаларақәа еимырдеит

© Sputnik / Томас ТхайцукФлаги Абхазии и России
Флаги Абхазии и России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара 2008 шықәса цәыббра 9 раахыс адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Владимир Путини Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи рзы адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада исаит.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, ииасуа ашықәс акыр ауадаҩрақәа шацыз Аԥсни Урыстәылеи реиԥш адунеи зегьы азы, аха еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицуреи аинырреи шаанкыламыз.

"Абҵара 12 рзы имҩаԥысыз шәареи сареи ҳаиԥылара аҽазныкгьы агәрагара снаҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара итрадициатәу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа еиҳагьы ишыӷәӷәахаз. Агәра шәсыргар сҭахуп Аԥсны анапхгара ирылшо зегь шыҟарҵо ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа хьаҳәаԥаҳәада рынагӡаразы", - аҳәоит Аслан Бжьаниа ишәҟәаҿы.

Владимир Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит, ажәларқәа ринтересқәа рыхьчареи арегион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ралыршаразы ҩ-ганктәи аимадарақәа ркомплекс аусура ԥхьаҟагьы ишацҵахо азы агәрагара шимоу.

Аԥсны ахада иара убасгьы адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин.

Ажәабжьқәа зегьы
0