Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарба аҿар аррахь рнаԥхьаразы: имааз рус апрокуратура иаҭахоит

© Sputnik / Марианна Кубрава Беслан Тарба
Беслан Тарба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны арратә комиссар хада Беслан Ҭарба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аррахь аҿар рнаԥхьаразы аҭагылазаашьа шыцәгьоу атәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҭарба аҿар аррахь рнаԥхьаразы аҭагылазаашьазы

"Арра ааԥхьаразы аус зуаз акомиссиа аусура хнаркәшеит. Аплан 55% роуп иахьынагӡаха. Арра ицо маҷуп. Ачмазаҩу рацәаҩуп, аха еиҳарак аҵара зҵо, Урыстәыла иҟоу рахь иагоит ҳресурс. Аҿар руал ныҟәыргар шакщу рхашҭны иҟоуп, избанзар ахьӡ амаӡам иахьа аррамаҵзура. Аибашьра ашьҭахь арра ицон зегьы рҽеибаркны, аполитика ҽакын, апатриотизм иаҳа иӷәӷәан, аӡәык-ҩыџьак иҭаҳкызгьы ыҟан. Ашьауӷатә кодекс иахьагьы иҟоуп, уи ҳацымныҟәар ада ԥсыхәа ыҟам иахьа. Сгәы ԥжәоит даара, ашықәс ахыркәшара ҽеимхеит. Аацҳамҭа роуны имааз, арра имцаз рус аныҳәа ашьҭахь апрокуратура иаҳҭоит. Уа дутәуп, са дыстәуп аамҭа цароуп", - иҳәеит Ҭарба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0