Аашә-нызқьҩык инареиҳаны COVID-19 аҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит Урыстәыла

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация добровольцев против COVID-19 в Москве
Вакцинация добровольцев против COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Спутник V" алаҵаҟаҵара иазԥхьагәанаҭоит ҩ-компонентк ралагалара, хымчыбжь-хымчыбжь рыбжьаҵаны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Аашә-нызқьҩык инареиҳаны COVID-19 аҟынтәи алаҵа рзыҟарҵахьеит Урыстәыла, абри атәы ажурналистцәа иреиҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко ҳәа аанацҳауеит РИА Новости

Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
"Спутник V" 40 миллион доза рҟынӡа адунеи аҟны иҭрыжьлоит мызкы аҩныҵҟа

Мурашко иҳәеит 1,5 миллион доза арегионқәа рахь ишнагоу.

"Алаҵаҟаҵара мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуеит. Арбагақәа рыла 800 нызқьҩык инареиҳаны COVID-19 аҟынтәи алаҵа рзыҟарҵахьеит", -  иҳәеит аминистр.

Массала ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵара Урыстәыла иалагеит ԥхынҷкәынмза алагамҭазы. Аденовирустә вектор шьаҭас измоу алаҵа нанҳәа 11 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит. Адунеи аҟны раԥхьатәи ашәҟәы иҭагалоу алаҵа "Спутник V" ахьӡырҵеит. Алаҵа аус адулан Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала.

"Спутник V" алаҵаҟаҵара иазԥхьагәанаҭоит ҩ-компонентк ралагалара, хымчыбжь-хымчыбжь рыбжьаҵаны.

Алаҵа аҭҵаарагәаҭарақәа қәҿиарала ирхысит 18 - 60 шықәса зхыҵуаз хатәгәаԥхарала иҟазҵаз рҿы. Урҭ зегьы рҿы акоронавирустә инфекциа COVID-19 аиммуннтә ҭаки ацәеижьҿагыларақәеи роуит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0