Аԥсны аоперштаб: уахыки-ҽнаки рыла 141 коронавирус хҭыс ҿыци ҩ-ԥсҭбараки

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосквичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19
Москвичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 9323-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 7187-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 131-ҩык.

АҞӘА, ажьырныҳәа 5 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 585-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 141-ы акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 76-ҩык, урҭ рахьтә 65-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 23-ҩык, ибжьаратәуп - 13-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 19-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 30-ҩык. Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 43-ҩык апациентцәа.

Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны ажьырныҳәа 3 рзы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа.

2020 шықәса ԥхынҷкәын 21 рзы ахәышәтәырҭа иҭашәаз 57 шықәса зхыҵуа апациент иԥсҭазаара далҵит. Иара изышьақәырӷәӷәан адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц", зыхәышәтәра хьанҭаз ачымазара хада "ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра".

2020 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы агоспиталь иҭашәаз 67 шықәса зхыҵуаз апациент иԥсҭазаара далҵит. Иара изышьақәырӷәӷәан адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц", "ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра".

Ирыхәҭаз ахәышәтәра ишахысуазгьы, апациентцәа зеиқәымхеит.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб иаанацҳахьан, ԥхынҷкәын 30, 2020 шықәса инаркны ажьырныҳәа 3, 2021 шықәсанӡа жәеизаҩык акоронавирус зыдбалаз апациентцәа рыԥсҭазаара ишалҵыз Аԥсны.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0