Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Агрԥҳа COVID-19 иахҟьаны акрыфарҭақәа рыркразы: заа иҳарҳәазҭгьы, ҳҽазыҟаҳҵон

© Foto / предоставлено Лолитой АгрбаЛолита Агрба
Лолита Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа иҟоу акрыфарҭа ABURGER аиҳабы Лолита Агрԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аԥкрақәа ралагалара русураҿы ицәырнаго ауадаҩрақәа ртәы.
Агрԥҳа COVID-19 иахҟьаны акрыфарҭақәа раркразы: заа иҳарҳәазҭгьы, ҳҽазыҟаҳҵон

"Аԥкрақәа ибзиан срыхәаԥшуеит ҳәа сызҳәом, урҭ уҽазыҟаҵан уалагароуп. Ҽнакала иӡбаны, уаҵәы акрыфарҭа, ақьафурҭа, аркы ҳәа ауаҩы иауҳәоит, аха уи даара ицәгьоу усуп, избанзар, уи еиуеиԥшым амазызқәа ацуп. Ҳҽазыҟаҳҵон заа иҳарҳәазҭӷьы. Хымԥада, ҳақәныҟәоит, аха иара шаҟалаз сақәшаҳаҭым. Қыҭак ауаа аус ахьыруа усурада рааныжьра ииашам ҳәа сгәы иаанагоит. Дара ауалафахәы злараҳҭо иахьа иаҳҭииз алоуп, аҳәынҭқарра аҟнытә компенсациа аӡәгьы иуӡом. Ашәахтәқәа рганахьала иҟаз арԥсыҽрақәа, ашәахәтәқәа инаханы ашәара, уи иуқәырхӡомызт, иахьа 20 мааҭ сшәозҭгьы, уи иахьа исымшәар ҟалон, аха уаҵәы 40 мааҭ сшәар акәын. Уи даара иҳәахәеит ҳәа сызшәаҳәом", - ҳәа азгәалҭеит Агрԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0