Европатәи аҭыжьымҭа "Спутник V" апандемиа ааннакылар алшоит ҳәа азгәанаҭеит

© Sputnik / Абзал Калиев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Казахстане началось производство вакцины Sputnik V
В Казахстане началось производство вакцины Sputnik V - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала аус зыдулаз COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу лаҵоуп "Спутник V".

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Урыстәыла алаҵа "Спутник V" аԥҵарала иаанарԥшит ахала акоронавирустә пандемиа зшьаҽыр зылшо ахәшә шаԥнаҵаз ҳәа аҩуеит франциатәи агазеҭ Monde diplomatique испаниатәи аҭыжьымҭаҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Астатиа автор Федерико Куско игәаанагарала Мраҭашәара ари алаҵа ацәырҵра хырҩа амҭашәа, агәра амгошәа иазхьаԥшит.

"Абызшәеи, акультуреи, аполитикатәи еиԥшымзаарақәа анырра иҟарҵо иахырҟьаны урыстәылатәи аԥшьгамҭақәа иахәҭоу азхьаԥшра рымам", - ҳәа иҩуеит Куско.

Ажурналист инаҵшьны иазгәеиҭеит алаҵа "Спутник V" ацәырҵра Урыстәыла еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аҭҵаарадырратә усура иалҵшәоуп ҳәа. Иара игәаанагарала мраҭашәаратәи "алакәҳәаҩцәа" аханатә Урыстәыла алшамҭақәа рыгәра ргомызт, уажәы ари алаҵа ацәырҵрагьы уи ауп оумашәа идзырбо.

Вакцинация военнослужащих на российской военной базе в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Миллионки бжаки инареиҳаны COVID-19 аҟынтәи алаҵа "Спутник V" ҟарҵахьеит

"Америка, Евроеидгыла атәылақәа иара убасгьы афармацевтикатә лабораториақәа рҭахрақәа аԥыжәара ахьрымоу аиԥш акәымкәа Урыстәыла аԥара арҳара ахадарахьы инаргаӡом", - ҳәа иҩуеит автор.

Куско иҳәоит "Спутник V" иахьа адунеи ишахыҵәо, иҟалап 50 шықәса рышьҭахь иҟоу ашәарақәа зынӡа аӡәгьы игәаламшәаргьы ҳәа.

Нанҳәамзазы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V". Алаҵа ҩ-хкыкны еилоуп, хымчыбжь бжьаҵаны ҩынтәны иудукылароуп.

Аамҭақәак рышьҭахь ашәҟәы иҭагалан новосибирсктәи Ацентр "Вектор" аус зыднауылаз алаҵа "ЭпиВакКорона".

М.П. Чумаков ихьӡ зху Афедералтә ҭҵаарадырратә Центр аус зыднаулаз акоронавирус хызҽуа алаҵа ахархәарахь хәажәкырамзазы анеира иазыԥшуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0