Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Камкиа: Миха Лакрба иҩымҭақәа, иновеллақәа сыԥсҭазаараҿы мҩақәҵагак исзаҩызоуп

© Foto / предоставил Саид Камкия Саид Камкия
Саид Камкия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
120 шықәса раԥхьа диит ашәҟәыҩҩы Миха Лакрба. Аҿартә театр актиор Саид Камкиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аламыс азышәаҳәаҩ, Миха Лакрба иԥсҭазаараҿы иааникыло аҭыԥ.
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Камкьиа Миха Лакрба иаԥҵамҭақәа ирызкны

"Миха Лакрба иҩымҭақәа, иновеллақәа сыԥсҭазаараҿы мҩақәҵагак исзаҩызоуп. Иара нагарҭа амаӡамкәа ҳҵас, ҳқьабзқәа ааирԥшуеит. Саргьы сыԥсҭазаараҿгьы абас сыҟандаз, абри еиԥш схы мҩаԥызгандаз ҳәа сгәы ианаанаго ыҟоуп. Миха Лакрба ихьӡ аҿар ираҳахьеит, аха шамахамзар, урҭ ашәҟәыԥхьара рҭахым, иҟалаз асоциалтә ҳақәа ирхырҟьаны. Иара иновеллақәа ашколтә программаҿы иҟоуп, убасҟан ауп ухы-угәаҿы ианаанхо, анаҩс уаныҩеидаслак, еиҭа саԥхьандаз ҳәа агәазыҳәара узцәырыргоит. Атеатр аҿгьы зны-зынла ҳанааидтәалалак, иаҳгәалашәоит урҭ ановеллақәа. Убасҟантәи аамҭаз иара ифырхаҵа абас иҟаиҵеит, аха иахьазы уи ус ауама ҳәа еилҳаргоит. Ановеллақәа рыла иҭыху афильм кьаҿқәагьы акырӡа ибзиоуп, урҭ зегьы аинтернет аҿы иузыԥшаауам, аха иҟоу иахәаԥшхьоу рҟынтә исаҳахьеит ишыргәаԥхаз ала", - еиҭеиҳәеит Камкиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0