Ашәаӡа, ашәха, ашә рҟәыҷны, иӡны, ирҩаны уҳәа ирацәоуп аԥсуаа рчеиџьыка иалоу ашәхкқәа. Ачашә, аилаџь, ачаҳаржә, амгьал игәыларҵоит ашә, иара ус баша иуфаргьы ҟалоит.
Ахьара змоу анхацәа аџьабаа адырбалоит ахш-хырҵәы аҭыԥ ақәҵара. Ажә анхьалакгьы, мчыбжьык ахш рыдыркылаӡом, нас ианрымшьароу, арахә рынцәахәы Жәабран "шәрахәымшхааит" ҳәа ирымҵаныҳәоит. Уи ашьҭахь ахш ацар арҭар, идыршыр ҟалоит, амцахь инаргоит, аџьыка адыркуеит.

1/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥсуаа ашәхкқәа рчеиџьыка иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.

2/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥхынра, арахә рацәаны измоу ирыманы ашьхарахь ихалоит. Уаҟа аҳауа зҩыдоуп, аҳаскьын цқьоуп, ажәқәа ирымҵуа ахш иалырхуа ашә ахәша алыҵәҵәа иҟоуп. Уи даҽа гьамуп.

3/12
© Sputnik / Анжелика Бения
Ашьхара ашә еицырдыруа арецепт ала ауп ишыҟарҵо, аха ахш араҟа арахәи аԥсасеи ирацәаны ирымҵуеит, убри ауп еиҳарак аус зырцәгьо.

4/12
© Sputnik / Анжелика Бения
Ашьхашә ахаҭабзиареи агәабзиаразы хәарҭарас иамоу атәы аҳәара аҭахыуп ҳәа сгәы иаанагом.

5/12
© Sputnik / Анжелика Бения
Ашәчырҳәқәа еиҳарак ахәыҷқәа рзы акәын ишыҟарҵоз ажәытәан. Иахьагьы имаҷҩым ашьхара ашәчырҳәқәа ҟазҵо. Аҟаҵарагьы цәгьоуп ҳәа узыҳәом. Аԥхьа ампыл хәыҷ ашә иаамыухуеит, нас агәы кылҵәаны унацәа иаахаургьежьуеит.

6/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Абас аԥсуа ԥацхаҿы аԥсуамца иахыкнаҳаны ашәхақәа дырҩҩоит.

7/12
© Sputnik / Анжелика Бения
Ашәаӡа аилаҵаразы ихиоуп ҳәы угәы ианаанаго, сак аӡыршы инӡаауыршәлар иунарбоит: еиҵыхәхәа иаразнак аӡыҭра иалагар - ихиоуп аилаҵараз, ишыҟаз инхар - уахымыццакыр еиҳа еиӷьуп, ҽа сааҭк аҟара уазыԥшыроуп.

8/12
© Sputnik
Ашә аныхаау абысҭа мацара иадкыланы иуфап

9/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ашәаӡа, ашәха, ашә рҟәыҷны, иӡны, ирҩаны уҳәа ирацәоуп аԥсуаа рчеиџьыка иалоу ашәхкқәа.

10/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ачашә аҟаҵараҿы ихадоу амарҭхә ашә ауп.

11/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аџьыкеи, аиаҵәареи змоу ари аҩыза ашә ус абысҭа иагәылауҵар ҟалоит, ма иӡны иуфаргьы алшоит.

12/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аџьмақәа рааӡара акәама-ҵамарақәа рацәаны иамоуп. Аџьма иара иатәым аӡыр аҵанаҵаӡом. Ахьараан иухьо аџьма иаҵауҵо аӡыр удыруазароуп.