COVID-19 аҿагыларатә усмҩаԥгатәқәа 400 миллион мааҭ рҟынӡа ақәнарӡит Аԥсны

© Sputnik / Акоп Кущян Измеряют температуру
Измеряют температуру  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи коронавирустә инфекциа змаз ауаҩы дшьақәыргылан 2020 шықәса мшаԥы 7 рзы

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Апандемиа иаалагазар, COVID-19 аҿагыларатә усмҩаԥгатәқәа 400 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит ареспубликазы ҳәа иҳәеит атәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы.

Иара иазгәеиҭеит арҭ аԥарақәа рҟынтәи аҳәынҭқарра 200 миллион мааҭ шоунажьыз, егьырҭ аԥарақәа еиуеиԥшым аиҿкаарақәа шракәу иалазгалаз.

"Аҳәынҭқарразы иналукааша усны иҟалеит аҿкчымазара иаҿагыланы ақәԥара. Абри аганахьала ихымԥадатәины иҟоу аусурақәа зегьы мҩаԥыргоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Ареспублика агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иҳәеит акоронавирус аҿагылара аус аҟны ацхыраара ду шыҟанаҵаз урыстәылатәи арратә госпиталь, иахьазы ара рыҽшырхәышәтәуа 60 пациент.

Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 зцәа иалаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны

Иара убасгьы еиҭеиҳәеит хара имгакәа урыстәылантәи иаараны ишыҟоу арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа (ИВЛ) хәба. Аҟәа ахада Беслан Ешба иҳәеит Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа иахьазы ишамоу ИВЛ аппаратқәа хәба, аха урҭ рыцҵара шазыԥхьагәаҭоу. Иара убасгьы ирыцҵахоит аиарҭа ҭыԥқәа.

Зынӡа ареспубликаҿы 77 ИВЛ аппарат ыҟоуп еиуеиԥшым ахәышәтәырҭақәа рҿы ҳәа иҳәеит Ҵахнакьиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0