Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба Гәдоуҭа араион аҿы амаинингқәа рызҵааразы: ҳаԥсуарагьы ааҳарԥшыроуп

© Foto / предоставлено Валерием АвидзбаВалерий Авидзба
Валерий Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы ақыҭа ахадацәеи "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәеи алархәны имҩаԥгаз аизара атәы.
Аҩӡба Гәдоуҭа араион аҿы амаинингқәа рызҵааразы: ҳаԥсуарагьы ааҳарԥшыроуп

"Араион ахада иусԥҟала қыҭацыԥхьаӡа амаинерцәа рызҵаара аӡбаразы ақыҭақәа ахадацәа адҵа рыҭоуп. Уи адагьы дара рнапы иануп аҿкы чымазара аламырҵәаразы аԥсрақәа рҿы ашьаԥақәа ргыланы ауаа рыртәара аҵыхәа ԥҵәазарц. Аҭакԥхықәрақәа зегьы ақыҭа ахада идуп, ацхыраара иҭаххозар, араион аҟынтә ҳазыхиоуп. Адҵақәа анынамыгӡаха, досу иусураҟынтә ихы дақәиҭтәхоит ҳәа адырра ҳарҭеит, иара убас амаинингқәа рхаҭақәа раҿыхра адагьы, "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа неины ацәаҳәақәа хырҵәарцаз. Иаарласны ақыҭақәа рхадацәеи ҳареи, абыргцәа рхеилак ахаҭарнакцәеи қыҭацыԥхьаӡа аизарақәа рымҩаԥгара ҳгәы иҭоуп. Аминингқәа змоу ҳрыҿцәажәоит, идеилҳаркаауеит аҭагылазаашьа ишьақәгылаз атәы, ари азҵаара аӡбараҿы ҳаԥсуарагьы ааҳарԥшыроуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0