Аԥсны акоронавирус ҿыц издырбалаз 58-ҩык ыҟоуп, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота ковид-госпиталя в Евпатории
Работа ковид-госпиталя в Евпатории - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11216-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8992-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 160-ҩык.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 471-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 58-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи аковид хәышәтәырҭаҿы ажьырныҳәа 24 рзы иԥсҭазаара далҵит 79 шықәса зхыҵуаз апациент. Иара изықәыргылаз адиагноз хада иуадаҩны имҩасуаз акоронавирустә инфекциа ҿыц ауп.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 132-ҩык, урҭ рахьтә 114-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 31-ҩык, ибжьаратәуп - 53-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 18-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 28-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 54-ҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11216-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8992-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 160-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0