АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Қырҭтәыла акыршықәса иҟанаҵоз аныррала ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа аӡбамҭа аҽазныкгьы иаанарԥшит Қырҭтәыла иамоу аконфронтациатә ҟазшьа, Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәылеи адунеижәларбжьаратә ҭахкаара рзура аҭахра, иара убасгьы наҟ-ааҟ аҳаҭыреиқәҵара зныԥшуа адиалог амҩаԥгаразы аполитикатә ҭахра шамам ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
ЕСПЧ Апалата Ду, ажьырныҳәа 21 азы иакьыԥхьит Аахыҵ Уаԥстәыла 2008 шықәса рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рзы аҳәынҭқаррабжьаратә зашшра "Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагылот (II)" аганахь ала ақәҵара. Страсбург алкаа ҟарҵеит ақырҭуа ар аҭынчреиҿкааратә кантингенти аҭынч уааԥсыреи рықәлараан аурыс аррамаҵзурауаа урҭ иахьырҿагылаз азы аҭакԥхықәра рықәҵара иашам ҳәа. Абасала Урыстәыла аганахь ала Қырҭтәыла иҟанаҵо ахарадҵа ҵаҵӷәы амам ҳәа азгәаҭан.
Акгьы ҟамлазшәа, "аҭоурыхтә иааира ргазшәа", аӡбарҭа алкаақәагьы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи раккупациа рхызхуа акәушәа рҳәоит Қырҭтәыла ҳәа азгәанаҭоит Аԥсны ААР.
Иара абасҵәҟьоуп ЕСПЧ алкаақәа ахәшьара шрылҭо Аахыҵ Кавказ азы Европарламент аделегациа ахада Марина Калиуранд. Лара иалалырҵәеит ааԥхьара "Урыстәыла жәларбжьаратә хыдҵақәа нагӡо Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара мап ацәнакыроуп" ҳәа.
Аҟәа агәаанагарала Калиуранд лҳәамҭа кониунктуратәуп, иҟоу аҭагылазаашьа иацәыхароуп.
Европатәи аӡбарҭа алацәажәаратә процедуреи аӡбамҭа адкылареи ирызхьаԥшуа Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа иазгәанаҭоит ари аус ишалацәажәаз нанҳәамзатәи ахҭысқәа ирыҵаркуаз Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхаҭарнакцәа алахәымкәа. Аԥсны ААР агәаанагарала ЕСПЧ аӡбамҭагьы инықәырыҩрны ирыдкылоуп.
"Ҳәара аҭахума асеиԥш иҟоу "аӡбарҭатә вердиктқәа" рыҟаҵара апрактика агәыҩбара узцәырнагоит ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа аӡбамҭа аиашаразы", - азгәанаҭоит аминистрра.