Аҟәатәи аџьармыкьа хадеи "Сухумприбори" русура аграфик ҿыц шьақәыргылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский рынок перед закрытием на карантин
Сухумский рынок перед закрытием на карантин  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба инапы аҵеиҩит аусдҵа "Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа COVID-19 рацәыхьчаразы Аҟәа ақалақь аҿы хаз иго уснагӡатәқәак рымҩаԥгаразы".

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Аҟәатәи аџьармыкьа хадеи ацәамаҭәатә џьармыкьа "Сухумприбори" русура аграфик ҿыц шьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

"Аҟәатәи аџьармыкьа хада аус аулоит амҽыша, ашәахьа, аҩаша. "Сухумприбор" – аԥшьаша, ахәаша, асабша", - аҳәоит адырраҭара.

Аграфик ҿыц арбоуп ақалақь ахада иусдҵаҿы.

Адокумент инақәыршәаны ақалақь ахадара амҩатә ныҟәара аиҿкаареи атранспорти рнапхгараҭара Адепартаменти, Аҟәатәи АТП, Атроллеибустә напхгараҭареи русура дырӷәӷәароуп апассаџьырцәа рымҩангара аиҿкаара аамҭалатәи рыԥҟарақәа рхылаԥшразы.

Администрация города Сухум  - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи анаплакыҩцәа акарантин аан арендатә хәԥса ашәараҟынтәи рхы иақәиҭтәуп

Ақалақь ахадара асанитар-епидемиологиатә станциа анапы ианҵоуп ақалақьтә уаажәларратә транспорт есҽынтәи арзҩыдара, Аџьармыкьа хадеи "Сухумприбори" раартранӡеи раркра ашьҭахьи рырзҩыдара.

Аусдҵаҿы иара убасгьы иазгәаҭоуп, Аҟәа ақалақь ахадареи иара аилазаарақәа зегьи 2021 шықәса жәабран 10 рҟынӡа 60 шықәса ирҭысхьоу русзуҩцәеи, ашколқәраҟынӡатәи ахәыҷқәа змоуи алагарҭатә классқәа (1-4 аклассқәа) ирыҵаркуа ахәыҷқәа змоуи рхы иақәиҭыртәырц. Арҭ аусуҩцәа рулафахәы шыҟоу иаанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0