Кирилл Вышински Киевтәи абахҭаҿы иҟазаара иазку 500 даҟьа змоу ашәҟәы ҭижьит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПресс-конференция К. Вышинского
Пресс-конференция К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи ажурналист Кирилл Вышински 15 мзы инарзынаԥшуа украинатәи абахҭақәа рҟны дҭакын ипрофессионалтә усура дахырҟьаны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Москва иҭыҵит амедиагәыԥ "Россия сегодня" анагӡаратә директор Кирилл Вышински ишәҟәы "Жил напротив тюрьмы…".

Ашәҟәы ахьӡ аагоуп Вышински Киевтәи аамҭалатәи аанкыларҭа (СИЗО) аҟынтәи иҩызцәа 2019 шықәса хәажәкырамзазы ирзиҩыз асаламшәҟәы иагәылаз алаф аҟынтәи:

"Сколлегацәа, салам шәысҭоит Киевнтә! Сыҩни сареи шьаҿақәак роуп иҳабжьоу. Алаф: "Уаанӡа сара абахҭа аҿаԥхьа сынхон, уажәы – сыҩны аҿаԥхьа" ззырҳәо среиуахеит".

Автор ишиҳәо ала ашәҟәы абахҭа акәӡам изызку. Вышински игәаанагарала ари гәыкала иҩу жәабжьуп, ҿаԥҽышьа змам афактқәа рыла ишьақәырӷәӷәоуп, абахҭа иҭашәаз ауаҩы имҟәра иацхраауа ирылацәажәоуп. Иалацәажәоуп аполитика ду еимгеимцарак ала ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара аԥсахыр шауа.

"Исыздырам сенсациа дук аасырԥшуаны, аха урыстәыла-украинатәи абаандцәа реимдара "35 - 35" аарԥшра сылшеит ҳәа исыԥхьаӡоит. Зегь раасҭагьы исҭахыз 2014 шықәсазтәи Маидан ашьҭахьтәи Украина алацәажәароуп – Киев аус анызуаз издыруаз Украинеи, абахҭаҟынтә избоз Украинеи", - иҩуеит аԥхьажәаҿы Вышински.

Ателеканал RT амедиагәыԥ "Россия сегодня" рдиректор хада Маргарита Симониан ашәҟәы аннотациаҿы илҩит: "Кирилл Вышински – украинатәи аҿагылара асимволқәа дыруаӡәкуп, джурналист иашоуп, дықәԥаҩуп. Абарҭ роуп изызку ишәҟәгьы. Ашәҟәы изыԥхьатәу акоуп".

Ажьырныҳәа 26 инаркны ашәҟәы онлаин-дәқьанқәа рахь инашьҭуп.

Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Кирилл Вышински адокументалтә сериал "Люди Донбасса" ҭихит

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵон. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Кирилл Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Убри аан Украина атәылауаҩра мап ацәикуан.

Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Урыстәылатәи  ажурналист Кирилл Вышински 15 мзы инарзынаԥшуа  украинатәи абахҭақәа рҟны дҭакын ипрофессионалтә усура дахырҟьаны. Вышински ихы дақәиҭтәын 2019 шықәса нанҳәа 28 рзы. Цәыббра 7 рзы Урыстәылаҟа дхынҳәит.

Ажәабжьқәа зегьы
0