Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуаԥҳа COVID-19 змоу рзы: ачымазҩцәа рацәаҩны избахьеит, аха уи змоу зынӡа даҽакуп

© Foto / предоставлено Сусанной ДжопуаСусанна Джопуа
Сусанна Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа иҟоу ҽынлатәи астационар амедиеҳәшьа Сусанна Џьапуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит COVID-19 змоу егьырҭ ачымазҩцәа излареиԥшым атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьапуаԥҳа Гәдоуҭатәи астационар аусура иазкны

"Ажьырныҳәамзазы ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара акырӡа еизҳаит, сгәы иаанагоит аԥҟарақәа зынӡа ҳрықәныҟәаӡом, уи ауп ас еиԥш аҭагылазаашьа зыҟоу. Мышкы иалагаӡаны 15-ҩык рҟынӡа иаауеит. Ҳгәы шыбзиамгьы аус ҳуеит, избанзар, аҩны ҳтәар ҳаихәлахоит, аусзуҩцәа маҷуп. Астационар аҿы ҩыџьа ҳауп аус зуа. Сара ачымазҩцәа рацәаҩны избахьеит, аха арҭ зынӡа даҽакуп, ауаа ргәы каҳан иҟоуп, ус иацуп иара. Ахәшә ирзыҟауҵо адагьы урыҿцәажәароуп, рықәшәымшә ҳәатәуп, хәыҷык у-психологзар ауп. Уанрыҿцәажәалак ашьҭахь иаҳа илахҿыхны иҟалозшәа сгәы иабоит", - лҳәеит Џьапуаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0