Аԥсны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа 51 ҟалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТест на COVID-19
Тест на COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 402-а атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 51-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ажьырныҳәа 29 рзы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб:

  • 87 шықәса зхыҵуаз апациент, акоронавирустә инфекциа ҿыци ахәышәтәырҭанҭыҵтәи аполисегментартә гәыҵәкреи адиагноз ззышьақәыргылаз;
  • 1931 шықәса рзы ииз апациентка, акоронавирустә инфекциа ҿыци ахәышәтәырҭанҭыҵтәи аполисегментартә гәыҵәкреи адиагноз ззышьақәыргылаз.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 120-ҩык, урҭ рахьтә 105-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 30-ҩык, ибжьаратәуп - 46-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 22-а, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 13-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 34-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 43-ҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11520-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 9820-а, рыԥсҭазаара иалҵит 172-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0